Ауадҳара аӡынтәи аԥсшьаразы алшарақәа аԥҵахоит
14:52 14.01.2026 (ирҿыцуп: 15:17 14.01.2026)

© AP Photo Brennan Linsley
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 — Sputnik. Ауадҳара аӡынтәи аԥсшьара арҿиаразы аусқәа мҩаԥыргоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә ҟәша аусзуҩ Ҭемыр Тәанба.
"Уажәоуп апроект аусура ианалаҳарга, ҳара иахьазы ҳхы ззырхоу — иазыҟаҵоу атурист-ашьхашәҩаныҟәаҩ, даҽакала иуҳәозар, иазыҟаҵам амҩақәа рҿы ашәаҩақәа рықәтәара зылшо, шьапыла аныҟәара ззымариоу, иҷыдоу амаҭәахәқәа змоу. Макьаназы урҭ ҳрызхьаԥшуеит, избанзар, ҿыц ашьхашәҩаныҟәара иалаго рзы уи уадаҩхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Тәанба.
Ауадҳара аӡынтәи аԥсшьаратә программа — асықәныҟәагақәеи ашәаҩақәеи рыла аныҟәарақәа. Аԥхьаҟа апрограмма арҭбаара азгәаҭоуп.
Тәанба иажәақәа рыла, ажьырныҳәамза анҵәамҭеи жәабранмза алагамҭеи рзы атуристцәа Ауадҳара аԥсшьаразы аҿаҵара иаҿуп.