Аԥсны аҳәынҭстандарт ааԥхьара ҟанаҵеит "Nestlé" иатәу ахәыҷқәа рыфатәқәак аарымхәаларц
17:08 14.01.2026 (ирҿыцуп: 17:40 14.01.2026)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 — Sputnik. Аԥсны аҳәынҭстандарт атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 2025 шықәса мшаԥы 15 инаркны абҵара 27 рҟынӡа иҭыжьыз абрендқәа "Nestlé" иатәу ахәыҷқәа рыфатәқәак аарымхәаларц.
Уи ҵаҵӷәыс иаиуит аҭыжьҩы ЗҲәА "Нестле Россия" хатәгәаԥхарала иҟанаҵаз азыҳәа, уи ахҟьеит адәныҟантәи иааго аӡа ахаҭабзиара ахылаҧшра арӷәӷәара.
"Аӡбамҭа аилахәыра иаднакылеит ахыхьчаратә уснагӡатә аҳасабала, избанзар, иаагоу аӡа ацереулид атоксин (арахидонтә ҵәыҵәыра) алазар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп", — аанацҳауеит Аҧсны аҳәынҭстандарт.
Иарбоу амаҭәашьар змоу аалыҵ ахархәара афатә зҧырхагахаз, мамзаргьы аллергиа еиԥшу асимптомқәа цәырнагар алшоит.
Иарбоу аалыҵ Урыстәылаҟа аагареи аикәыршареи рзы аамҭала аҧкрақәа алагалоуп ҳәа азгәаҭоуп аусбарҭа акьыԥхьымҭаҿы.