Иԥсҭазаара далҵит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Игор Золотовицки
19:55 14.01.2026 (ирҿыцуп: 21:55 14.01.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 — Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, МХАТ Ашкол-студиа аректор Игор Золотовицки.
Иара 64 шықәса ихыҵуан.
Аҵараиурҭаҿы ишырҳәаз ала, артист иҧсҭазаара далҵит имаз акьыбачымазара иахҟьаны.
Золотовицки 1989 шықәса раахыс МХАТ Ашкол-студиаҿы аҵара дирҵон, 2013 шықәса раахыс ректорс дыҟан.
Иара акыршықәса итеатр гәакьа амаҵ азиуан, акино аҿы иҽҭихуан, актиортә кадрқәа разыҟаҵара инапы алакын.
Акинофильмқәеи асериалқәеи рҟны арольқәа жәпакы наигӡеит: "Такси-блюз", "Луна-парк", "Ландыш серебристый", "Краткий курс счастливой жизни", "Не отрекаются любя", "Актрисы", "Марш Турецкого", "Каменская" уҳәа уб.егь.
2002 шықәсазы Золотовицки Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, 2020 шықәсазы Урыстәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡқәа ихҵан.