2025 шықәсазы 12 млн инареиҳаны ауааи 2,7 млн транспорттә хархәагақәеи АУН "Адлер" иахысит
20:35 14.01.2026 (ирҿыцуп: 21:54 14.01.2026)

© Foto / ФТС России | ProТаможню
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 — Sputnik. 2025 шықәсазы 12 миллионҩык инареиҳаны ауааи 2,7 млн транспорттә хархәагақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" иахысит.
Ари аамҭа иалагӡаны административтә зинеилагарақәа рзы 2500 уси 36 шьауӷатә уси хацыркын, уи ҵыԥхтәи ашықәс ари аамҭахәҭа арбагақәа раасҭа 22% рыла еиҳауп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Урҭ рахьынтә закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵқәа аҳәаа рахыгаразы 902 шьаус хацыркуп, ирымхуп 1 млн цыра инареиҳаны аҭаҭынқәа, уи — 5 000 ҭоԥ.
Закәаншьаҭада арыжәтәџьбара аҳәаа ахыгара аҽазышәаразы ихацыркуп 307 ус, ирымхуп 2000 литра рҟынӡа ззин ыҟам арыжәтәқәа.
Иара убас адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа есышықәсатәи аицлабра алҵшәақәа рыла, аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рыбжьара иреиӷьу коллективны ишалкаау.