00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
1 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Ахаҵа ааха иоуит Мысра иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан.Амҩатә машәыр ҟалеит асааҭ 13:30 рзеиԥш ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба. Амашьынарныҟәцаҩ аԥсҟы изнымкалеит, амҩа дахҟьеит, аҵла дасит.Иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь днаргеит. Аҳақьымцәа иҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аусҭҵааратә гәыԥ аус ауеит.
2026 шәықәса раԥхьатәи ҩымчыбжь иалагӡаны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 11 нызқьҩык инареиҳаны ауаа, ҵыԥх уажәааны — 6 нызқьҩык ыҟан иҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Беслан Ԥандариа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.Урҭ акасса иаларҵеит 11,3 миллион мааҭ аԥара ҳәа азгәеиҭеит иара."15 мшы рыҩнуҵҟала иаҳҭааз ауааԥсыра рымаҵ аура ҳазыхиан, ҳамшынҵа инақәыршәаны есҽны аус ҳуан", — азгәеиҭеит Ԥандариа.Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә 1000 мааҭ ҳәа шьақәнырӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаара.
2026 шықәса хәажәкырамзанӡа аихамҩахәҭа Аҟәа-Очамчыра ашәарҭадара аиҿкааразы аусурақәа мҩаԥгахоит иҳәеит аусбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.Арадио Sputnik аҟны иара дазааҭгылеит ари аихамҩахәҭаҟны имҩаԥыргараны иҟоу аусқәа рҿы ацхыраара шрырҭо урыстәылантәи ааԥхьара змоу аспециалистцәа."Аҟәа-Очамчыра ахырхарҭа иаҵанакуа аинфраструктура рҽеихоит, иԥсаххоит, еиҿкаахоит. Абҵарамзазы амҩашәагатә вагонқәа ааганы аусурақәа мҩаԥган, урҭ ирыцҵахоит", — азгәеиҭеит Ҟәыруа.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Москва даадырԥшит дипломатиатә ҽыхҩарала аус зуаз британиатәи аԥшыхәҩы. Абри атәы аарыцҳаит аусбарҭа апресс-маҵзураҟынтәи. Аконтрԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа раан даарԥшын ицәыргамыз амаҵзура ҷыдақәа русзуҩ, 45 шықәса зхыҵуа Девис Гарет Самиуель. Иара Урыстәылаҟа дааит Москва иҟоу ацҳаражәҳәарҭа административ-нхамҩатә ҟәша аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ иакәушәа иҽырҩашьаны. Аккредитациа имхны, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа Урыстәыла аҵакыра аанижьырц адҵа иҭоуп. Иахьа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь илыԥхьеит Британиа Ду аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Деини Долакиа, ахҭыс инадҳәаланы апротест ҟарҵеит. Урыстәыла АдәАР агәҽанҵара ҟарҵеит Москва аиԥш зеиԥшу аҭак шыҟанаҵо Лондон аганахь ала анаҩс ари аус дырӷыӷкыр.
Қьырса Иӡаахра аныҳәа мҩаԥгахоит Каман ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны ажьырныҳәа 18 ауха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа).Қьырса Иӡаахра аныҳәа иалагоит асааҭ 23:00 рзы.Аҭыԥ аҟны иҷаԥшьалоит аҳақьымцәеи АҶА аиқәырхаҩцәеи.
Аҟәа ахәҭак уаҵәы ӡыда иҟазаауеит.Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла ахәҭак, Колос, Ешба имҩа ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Ажәабжьқәа зегьы
0