https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14948
Заур Ӷәаџьаа далахәын Венесуела ахада и.н. иҟалҵаз анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда
Заур Ӷәаџьаа далахәын Венесуела ахада и.н. иҟалҵаз анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын атәыла ахада ин. н. Дельси Родригес Гомес иҟалҵаз есышықәсатәи анацҳамҭа... 17.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-17T15:14+0300
2026-01-17T15:14+0300
2026-01-17T16:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/11/1060431584_1:0:799:449_1920x0_80_0_0_d2781e2f80f4c0e74d8f33d2a8006d82.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын атәыла ахада ин. н. Дельси Родригес Гомес иҟалҵаз есышықәсатәи анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда.Родригес Николас Мадуро ихьӡала дықәгылеит. лынацҳамҭа азкын ашықәс аихшьаалақәеи атәыла асуверенитет ахьчаразы иҟоу азԥхьагәаҭақәеи ртәы. "Венесуела Китаи, Урыстәыла, Куба, Иран, ЕАА рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы асуверентә зин амоуп. Ҳара ҳазхиоуп аҳаҭырқәҵареи ҳажәлар рҳаҭыр ахьчареи ирыбзоураны аиҿцәажәара амҩаԥгара. Вашингтонҟа ацара аҭаххар Венесуела ажәлар рсимволра зныԥшуа аҳаҭыр аарԥшны сцоит, — сгыланы, сшьамхышгылан акәымкәан", — ҳәа Родригес лажәақәа аанагоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.Венесуела ахада Николас Мадуро иԥшәмаԥҳәыси иареи Америкатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа иаанкыланы атәыла иалыргеит. Мадуро иус ӡбахоит "анаркотикқәа рыҭиразы жәларбжьаратәи аҳа еиҿикааит" ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.Венесуела Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригес аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа рынагӡаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/11/1060431584_101:0:700:449_1920x0_80_0_0_820ce7c222f71091f5bbcae50d11d0dd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Заур Ӷәаџьаа далахәын Венесуела ахада и.н. иҟалҵаз анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда
15:14 17.01.2026 (ирҿыцуп: 16:56 17.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын атәыла ахада ин. н. Дельси Родригес Гомес иҟалҵаз есышықәсатәи анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда.
Родригес Николас Мадуро ихьӡала дықәгылеит. лынацҳамҭа азкын ашықәс аихшьаалақәеи атәыла асуверенитет ахьчаразы иҟоу азԥхьагәаҭақәеи ртәы.
"Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо лажәахә аҿы еилыкка далацәажәеит ареспублика адунеизегьтәи аренаҿы иааннакыло ирҿыцу аҭыԥ, асуверенитети, аицәарақәа ишазхиоуи, амилаҭтә акзаара аҵак дуи дырзааҭгылеит", — ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа акьыԥхьымҭаҿы.
Делси Родригес иазгәалҭеит Каракас азин шамоу хырхарҭарацәала аполитика амҩаԥгара иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьеи ақәыӷәӷәарақәеи шыҟоугьы.
"Венесуела Китаи, Урыстәыла, Куба, Иран, ЕАА рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы асуверентә зин амоуп. Ҳара ҳазхиоуп аҳаҭырқәҵареи ҳажәлар рҳаҭыр ахьчареи ирыбзоураны аиҿцәажәара амҩаԥгара. Вашингтонҟа ацара аҭаххар Венесуела ажәлар рсимволра зныԥшуа аҳаҭыр аарԥшны сцоит, — сгыланы, сшьамхышгылан акәымкәан", — ҳәа Родригес лажәақәа аанагоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Венесуела ахада Николас Мадуро иԥшәмаԥҳәыси иареи Америкатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа
иаанкыланы атәыла иалыргеит. Мадуро иус ӡбахоит "анаркотикқәа рыҭиразы жәларбжьаратәи аҳа еиҿикааит" ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Венесуела Иреиҳаӡоу аӡбарҭа
ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригес аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа рынагӡаразы.