Қьырса Иӡаахра аныҳәа мҩаԥган Каман ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны
00:46 19.01.2026 (ирҿыцуп: 10:18 19.01.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik. Қьырса Иӡаахра аныҳәа мҩаԥган Каман ацқьа Василиск иӡыхь аҿықәаҟны.
Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут) еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит, Аӡӡаахра амш адоуҳатә ҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
"Ҳара аӡы ҳаҽӡааҳхуеит, ҳҽаҳрыцқьоит, Анцәа ҳиашьапкуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь аб Игнати аӡы иԥшьеит, уи ашьҭахь ауаа рыҽӡаархит.
Аӡыхь азааигәара АҶА аиқәырхаҩцәеи амедицинатә гәыԥқәеи ҷаԥшьон, арлашагақәа ықәыргылан, амцақәа еиқәҵан.
Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион иажәақәа рыла, ари амш аҽны аӡқәа зегьы ԥшьахоит, Аԥснытәи аиашахаҵаратә қьырсианцәа аӡиасқәа рымацара ракәымкәа, амшын аҿгьы рыҽӡаархыр рылшоит.