RT Амедиашкола раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥгахоит
14:29 19.01.2026 (ирҿыцуп: 15:18 19.01.2026)

© Sputnik / Илья Питалев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik. RT Амедиашкола раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥгахоит.
Жәабранмза 17-18 рзы ателеканал ажурналистцәа хәыда-ԥсада аҟаза-иклассқәа мҩаԥыргоит Аҟәа.
Ателехәаԥшратә ефир аҟны иԥсабаратәым аинтеллект ахархәашьа, атрендтә видеоформатқәа, ажәабжьқәа аус рыдулара, Telegram-каналқәа рҿы ахҭысқәа раарԥшра уҳәа ирацәоуп иззаҭгылахо.
Аԥснытәи ажурналистцәеи амедиа аусзуҩцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит акурсқәа рҽанырҵарц: аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ԥкуп. Азыҳәа ахарҭәаара ҟалоит абри азхьарԥш ала.