Аԥсны ашәахтәқәҵара аусхк аҟны агәаҭара-кассатә техника аҟамзаара азҵаара ӡбахоит
15:47 19.01.2026 (ирҿыцуп: 16:27 19.01.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәҵара аусхк аҟны зегь реиҳа ипроблема дуны иҟоу — агәаҭара-кассатә техника аҟамзаара ауп иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа.
Аԥыза-министр Владимир Делбеи иареи реиԥылараҿы иара иҳәеит аминистрреи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзуреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азырхиара ишаҿу.
Аиқәшаҳатраҟны иазгәаҭахоит ашәахтә усбарҭақәа рахь онлаин-дыррақәа рыҭаратә кассақәа ралагаларазы Урыстәыла хәыда-ԥсада ацхыраара ҳәа азгәеиҭеит Бениа.
"Ҳара ҳақәгәыӷуеит уи анаплакратә усура аобиектқәа рҿы ахашәала ҳасаб азура азҵаарақәа рыӡбара алнаршап ҳәа, хымԥада ашәахтәшәарақәагьы рыҩаӡара иацнаҵап ҳәа", — азгәеиҭеит аминистр.
Зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы атәыла абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа 7,3 млрд мааҭ алагалан, ари 2024 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 935,4 млн рыла еиҳауп.