00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:34
0 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Урыстәыла

Трамп аҭоурых данылеит

© AP Photo Ben CurtisДональд Трамп
Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2026
Анапаҵаҩра
Дональд Трамп Гренландиа арратә миссиа рҽахьаладырхәуазы ЕЕ атәылақәа ртауарқәа жәа-процентк абаџь рықәиҵоит ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Дональд Трамп Гренландиа арратә миссиа рҽахьаладырхәуазы ЕЕ атәылақәа ртауарқәа жәа-процентк абаџь рықәиҵоит, уи европатәи ар рхьаҵра иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡаны. Аштатқәа адгьылбжьаха рыдлар, аресурсқәеи астратегиатә ԥыжәарақәеи роура алшо иҟалоит ҳәа иахәаԥшуеит. ЕЕ аҭактә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит, аха ЕАА аекономикатәи арратәи мчрақәа ирыбзоураны аҭагылазаашьаҿы аԥыжәара амоуп.
"Незламна фортеця" Гренландиа узхымыхәмарша ашәарҭара иҭагылеит. Аԥхьанатә европаа, ари адемократиа ахырӷәӷәарҭа, Трамп ицәырыхьчарц ргәы иҭаны, адгьылбжьахахь иӡхыргеит ипрогрессивтәу, ихаҵа-ԥҳәысшәа иҟоу "еибашьцәа" гәарҭак. Жәаҩык араԥцәа ирызку аԥхьаӡагаҿы еиԥш аума, аӡырҳәцәа рашәа "жәохәҩык аԥсы ишәындыҟәраз, ио-хо-хо, иара убас ԥаҭлыкак аром азы" аума иреиԥшшәа иҟалеит аҭагылазаашьа. Норвегиеи Финлиандиеи рҟынтәи иааит ҩыџьа-ҩыџьа аруаа. Аӡәаӡәа – Британиа дуи Нидерландиеи рҟынтәи. Иара убриаҟара шынанашьҭуа иақәнаргәыӷит Швециа. Жәохәҩык Франциантәи, иара убри аҟара — Германиантәи. Ажәакала, зынӡа абасҟак аҟара.
Флаг Великобритании на фоне Вестминстерского дворца в Лондоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2025
Урыстәыла
ААМ: Британиа Дональд Трамп ибжьаҟазаратә ҭахра ашьақәҟьара аҽазнаршәар алшоит
Гренландиа аҵакыра ҩ-миллион километр-ԥшьыркца иреиҳауп. Уи быргәым, хҩык амушкетиорцәеи урҭ зҽрыдызкылаз д'Артаниани ирылымшеи сааҭқәак Ла-Рошель дуӡӡа ахьчара. Араҟагьы ус фырхаҵарак убарҭоуп.
Аштатқәа рхада ари аилаҩеиласра данахәаԥш, – европаа Гренландиа ЕАА алагаларазы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара еиҳа ианырзыманшәалахо дазҵааит, мамзар дшыԥшу и-кока-кола ицәҟәандар ҳәа дышшәо иҳәеит. Атлантика егьи аган аҿы ишәаны рҽааиқәыркит.
Аҭак дзазымԥшыкәа Трамп ирылеиҳәеит: жәа-процентк абаџь ала ишахьирхәуа гренландиаҟа рыруаа рынашьҭра згәаӷьыз атәылақәа зегьы.
Сааҭқәак мҵыцкәа, жәохәҩык рҟынӡа инаӡоз анемец аруаа зегьы адгьылбжьаха аҟынтәи аҩныҟа еихеит. Атәылахьчара аминистрра иаарласны, урҭ рмиссиа хыркәшоуп ҳәа рылазҳәоз адҵа ҭнажьит. Бундесвер ахаҭарнакцәа германиатәи аруаа қәҿиарала адҵақәа зегьы нарыгӡеит ҳәа рыларҳәеит. "Шәара шәгаӡоума, Швеик? — Ҳәарада, официалтә гаӡоуп. ус акәындаз, аршаҳаҭгагьы сыцуп".
Абасала, Гренландиа ахьчара уашәшәырахеит, адгьылбжьаха иаарласны европаа рзы астратегиатә ҵакы ацәыӡыр ҳәагьы ашәара ыҟоуп. уи зегь бзиоуп, аха абаџьқәа ирыхҳәаатәузеи? Германиа аекспорт азы жәа-процентк шықәсык ахь 15 миллиард евро рҟынӡа ацәыӡқәа аанагоит, атәыла усгьы акризис иҭагылоуп. ЕЕ егьырҭ алахәылацәа рҭагылазаашьа еиҳагьы еицәоуп. Рашәара 1 инаркны абаџь 25 процент рҟынӡа ихалоит.Џьара акала аҭак ҟаҵалатәуп, избанзар евроеибашьҩык Гренландиантәи ишьапы амца аҵыдды ибналара ЕАА ахада дарԥсыҽып ҳәа сыҟам. "Аб ахәыҷы дахьирхәуеит".
Европаа Трамп даара иӷәӷәаны аҭак ирҭеит. Акы, Бриуссель ацҳаражәҳәаҩцәа иаалырҟьаны реиԥылара мҩаԥыргеит. Ҩбагьы, Макрон ажәа риҭеит ЕАА иаҿагыло "ахәаахәҭратә шәақьҭҟьа" ӷәӷәа — европатәи асанкциақәеи аԥкырақәеи ркомплекс, ихы ишаирхәо азы.
Аҵыхәтәан, Бельгиа атәылахьчара аминистр ирылеиҳәеит Аштатқәа Гренландиа рымпыҵархалар, уи азы аплан Б шимоу. Аха уи аҵакы аарԥшра мап ацәикит. Бельгиа агәы ԥжәазар... Ҳаимыҵыр еиӷьуп, аҷкәынцәа.
Аштатқәа рҿы иаахтны европаа иҟарҵо аҽазышәарақәа ирхыччоит. Обиективла иаҳҳәозар, урҭ "папачка" Трамп ддыргәаар, америкатәи аџьармыкьа зегьы рзаиркуеит. Убасҟан ЕЕ аекономика еиҵақыџьқыџьны ихәылаԥсуеит. Гренландиа асҵааршәқәа рҿы евроеибашьцәа мыждақәа ртәы зҳәашагьы ҳәа акгьы ыҟаӡам. "Шәааи, урҭ абжәқәа реиԥш иҳарҟьыцып!"- ҳәа аҵәы аланаҵоит Fox News.
Дональд Трамп уажәы ҳала ишабо адунеитә ҭоурых ашә ааиртуеит. Гренландиа адҵара илшаҵәҟьар, итәыла ҳамҭас иеиҭоит зыхә ҳараку аметаллқәеи зеиуа маҷу адгьылхазынаҭреи, Китаинтәи Европаҟа узго ахәаахәҭратә мҩа ахылаԥшра алзыршо Арктика ахырӷәӷәарҭа ҟаимаҭ, иара убас асистема "Ахьтәхыб" аркра алзыршо ПРО-и ПВО-и рсистемақәа рзы астратегиатә ҵакыра.
Города мира. Нью-Йорк - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2022
Ашьаусҭҵаара Урыстәыла америкатәи алхрақәа ирылахәызшәа ирҳәоз амц аӡбахә рҳәеит
Ари аҩыза аҳамҭа ссир Аштатқәа шәышықәса иреиҳаны ирмоуцызт. Аҵыхәтәантәи аҵакыра Вудро Вильсон ихаан ЕАА иадҵан 1917 шықәса рзы. Усҟан иара Виргинтәи адгьылбжьахақәа, иара убри Даниа иамихәҳааит. Мшәан, сынтәа Аштатқәа шьаҭаркуижьҭеи 250 шықәса аҵра азгәармҭо. Аҳәынҭқарра ахада атәыла амширазы ари иеиӷьу аҽа ҳамҭак изыҟаҵомызт.
Иара ахәгьы учҳартә иҟоуп – изакәызеи 700 миллиард доллар Гренландиа америкаа ирзаанагар алшо афеидақәа ирҿырԥшны?
Европаа ирзаанхо акызаҵәыкоуп – имчыдаха, рхаԥыц еихарӷәӷәа имҩаԥысуа ахәаԥшра — Вашингтон иаҿагыло аекономикатәи арратә ныррақәа ҳәа дара акгьы рымаӡам. Жәларбжьаратәи азин ахь апеллиациақәагьы ҵакыдоуп – Трамп Аграждантә еибашьраан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы азыркыз Авраам Линкольн иеиԥш уи дазыҟоуп. Иара изы атәыла иазеиӷьу иарбанызаалак зегь раасҭа еиҳауп — избанзар иара Америка еиҭа идуӡӡаны аҟаҵара дазкуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0