https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15002
Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит
Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik. Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит. 20.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-20T14:22+0300
2026-01-20T14:22+0300
2026-01-20T14:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/14/1060493772_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_efe940499515acc4ba1d8ff03e685c3f.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik. Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит.Кавказтәи афлореи афаунеи зныԥшуа амуралқәа аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа иҭырхит апроект "Аԥсны акоманда" аҳәаақәа ирҭагӡаны.Афон ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырба иазгәеиҭеит уаанӡа ицәышӡа иҟаз аҭӡамцқәа уажәы улаԥш шрыдхало. Амуралқәа рцәырҵра аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы асасцәагьы шаргәырӷьо. Арт-аргыларақәа аԥҵан апроект "Акультура алашара цәаҳәа-цыԥхьаӡа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи аҳәаақәҵаҩ Анжелика Вартикиан лажәақәа рыла, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас аҭоурых-культуратә ҭынха ахыбрақәа рҿы арҵлашарақәа шьақәдыргылоит. Мықәтәи ауахәамаҿы арлашагақәа цәырҵхьеит. Уажәазы Пицундатәи ауахәамеи Гәдоуҭатәи авокзали аус рыдулара иаҿуп. Иара убас, Ԥақәашьи Бедиеи рныхабаақәа рҿы аусурақәа хыркәшоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20260108/1060272612.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/14/1060493772_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_bf5878d30e0522a2c975c2b2f9d26350.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит
14:22 20.01.2026 (ирҿыцуп: 14:37 20.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik. Афон ҿыц ҩ-ҭыԥк рҟны асахьаркырала идырҩычеит.
Кавказтәи афлореи афаунеи зныԥшуа амуралқәа аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа иҭырхит апроект "Аԥсны акоманда" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Араҟа иҟоуп ажәлар рҟны "атиульпан еиқәаҵәа" ҳәа ахьӡ зауз, Аԥсны мацара изызҳауа аҵиаа. Иара убас аҭӡамцқәа амилаҭтә џьоуҳарла иҳарԥшӡеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы Арсоу Берзениа.
Афон ҿыц ахада Ҭемыр Оҭырба иазгәеиҭеит уаанӡа ицәышӡа иҟаз аҭӡамцқәа уажәы улаԥш шрыдхало. Амуралқәа рцәырҵра аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы асасцәагьы шаргәырӷьо.
Арт-аргыларақәа аԥҵан апроект "Акультура алашара цәаҳәа-цыԥхьаӡа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Уи аҳәаақәҵаҩ Анжелика Вартикиан лажәақәа рыла, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас аҭоурых-культуратә ҭынха ахыбрақәа рҿы арҵлашарақәа шьақәдыргылоит. Мықәтәи ауахәамаҿы арлашагақәа цәырҵхьеит. Уажәазы Пицундатәи ауахәамеи Гәдоуҭатәи авокзали аус рыдулара иаҿуп. Иара убас, Ԥақәашьи Бедиеи рныхабаақәа рҿы аусурақәа хыркәшоуп.