https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15033
Академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны АР аҿы аилатәара мҩаԥысит
Академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны АР аҿы аилатәара мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы, академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы... 21.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-21T18:10+0300
2026-01-21T18:10+0300
2026-01-21T19:59+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101739/88/1017398866_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_56c4b37417a7b38368c196a6025cbe72.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы, академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аилатәара мҩаԥысит.Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, аԥсуа ҭҵаарадырраҿы иналукааша ауаа шыҟоу, урҭ дшыруаӡәку Анатоли Марколиа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵарауаҩ 75 шықәса шихыҵуа, аха аҭҵаарадырраҿы иҟаиҵаз илагала шдуу шәышықәса ишаҵанакуа. Аиԥылараҿы иқәгылоз Марколиа иколлегацәа иазгәарҭон иара изанааҭтә, иуаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҳаракқәа. Анатоли Марколиа диит ажьырныҳәа 21 1951 шықәсазы. Иара аҵарауаҩ-афизик, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы.Анатоли Марколиа — 100 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа авторси ацавторси дрымоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101739/88/1017398866_224:0:1920:1272_1920x0_80_0_0_67dda5f4d0a777857dac622f789cb16c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны АР аҿы аилатәара мҩаԥысит
18:10 21.01.2026 (ирҿыцуп: 19:59 21.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы, академик Анатоли Марколиа 75 шықәса ихыҵра иазкны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аилатәара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, аԥсуа ҭҵаарадырраҿы иналукааша ауаа шыҟоу, урҭ дшыруаӡәку Анатоли Марколиа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵарауаҩ 75 шықәса шихыҵуа, аха аҭҵаарадырраҿы иҟаиҵаз илагала шдуу шәышықәса ишаҵанакуа.
Аиԥылараҿы иқәгылоз Марколиа иколлегацәа иазгәарҭон иара изанааҭтә, иуаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҳаракқәа.
Анатоли Марколиа диит ажьырныҳәа 21 1951 шықәсазы. Иара аҵарауаҩ-афизик, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Аҟәатәи афизика-техникатә институт аиҳабы.
Анатоли Марколиа — 100 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа авторси ацавторси дрымоуп.