Путин: Урыстәыла "Аҭынчраз Ахеилак" алахәхаразы хаҭалатәи ааԥхьара аиуит
23:12 21.01.2026 (ирҿыцуп: 23:50 21.01.2026)

© Foto / POOL
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Урыстәыла Дональд Трамп иҟынтәи "Аҭынчраз Ахеилак" алахәхаразы хаҭалатәи ааԥхьара аиуит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.
Егьырҭ аҳәамҭақәа:
Егьырҭ аҳәамҭақәа:
Путин Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭеит "Аҭынчраз Ахеилак" ажәалагала ҭҵааны, апартниорцәа ирыҿцәажәарц, уи ашьҭахь Москва аҭак ҟанаҵоит.
Урыстәыла Америка иаанхан иҟоу аԥарақәа рҟынтә миллиардк доллар "Аҭынчраз Ахеилак" аҭара иазхиоуп.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Украина азҵаара аӡбаразы Америка иҟанаҵаз алагала. Иара ишьақәирӷәӷәеит Уиткоффи Кушнери аиҿцәажәара ацҵаразы уаҵәы Москваҟа ишаауа.
Москва Вашингтони иареи ирылацәажәоит Иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа арегион аҿы иҟоу адгьылҵакырақәа реиҭашьақәыргыларазы ирҵаау Урыстәылатәи амазара ахархәара.
Гренландиеи Америкеи рызҵаара Урыстәыла алакьысӡом.