Ахаҵа дырхәит Гәымсҭатәи амҩаҟны иаха иҟалаз ахысраан
16:54 22.01.2026 (ирҿыцуп: 17:17 22.01.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Ахаҵа дырхәит Гәымсҭатәи амҩаҟны иаха иҟалаз ахысраан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.
Асааҭ 01:10 рзеиԥш 23-тәи аҩны аҿаԥхьа идырым ауаҩы ԥшьынтә иреиҵамкәа аҳҭнықалақь аҿы инхо Н. Ҷыҭанаа диеихсит, уи ашьҭыхь аҭыԥаҟынтәи иҽиӡеит.
Зшьапқәа хәыз ахаҵа ахәшәтәырҭа днаргеит.
Ихысыз ихаҭара шьақәыргылоуп, уи иаанкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.