https://sputnik-abkhazia.info/20260125/asny-akino-azy-aynfond-aara-azgaoup-1060605483.html
Аԥсны акино азы Аҳәынҭфонд аԥҵара азгәаҭоуп
Аԥсны акино азы Аҳәынҭфонд аԥҵара азгәаҭоуп
Sputnik Аҧсны
Апсны Акультура аминистрра аппарат аҟны акинематографиа аҟәша аԥҵана ажьырныҳәа 20 2026 шықәсазы. 25.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-25T09:40+0300
2026-01-25T09:40+0300
2026-01-25T09:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102397/69/1023976971_0:135:2592:1593_1920x0_80_0_0_8ae01f90f5b218b9f7247a46ea239c6a.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә кинофонд аԥҵара азԥхьагәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Акультура аминистрра акинематографиа аҟәша аиҳабы Ҭеимураз Ҭаниа. Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Аҳәынҭкинофонд аҿы Аԥсны иазку шәкыла афильмқәа ыҟоуп. Урҭ ацифрахь ииаганы анаҩс, ахатәы фонд аҟны аҵәахра ргәы иҭоуп. Ааигәа Акультура аминистрраҿы иаԥҵан акинематографиа аҟәша. Ҭаниа иажәақәа рыла, макьана азакәаншьаҭазы аусура цоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20260120/1060504767.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102397/69/1023976971_144:0:2448:1728_1920x0_80_0_0_d2ca8e7384b5047d3e8a8e3c496c6c0e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аԥсны акино азы Аҳәынҭфонд аԥҵара азгәаҭоуп
Апсны Акультура аминистрра аппарат аҟны акинематографиа аҟәша аԥҵана ажьырныҳәа 20 2026 шықәсазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә кинофонд аԥҵара азԥхьагәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Акультура аминистрра акинематографиа аҟәша аиҳабы Ҭеимураз Ҭаниа.
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Аҳәынҭкинофонд аҿы Аԥсны иазку шәкыла афильмқәа ыҟоуп. Урҭ ацифрахь ииаганы анаҩс, ахатәы фонд аҟны аҵәахра ргәы иҭоуп.
"Ари даара акыр иаԥсоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь акы дҳарбар ҟалоит. Сгәы иаанагоит уаҟа аинтерес зҵоу аусумҭақәа ыҟоуп ҳәа", — иҳәеит Ҭаниа.
Ааигәа Акультура аминистрраҿы иаԥҵан акинематографиа аҟәша. Ҭаниа иажәақәа рыла, макьана азакәаншьаҭазы аусура цоит.