Аԥсны далцоуп аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыциуан ҳәа гәҩарас ироуз Британиауаҩ
21:34 26.01.2026 (ирҿыцуп: 21:53 26.01.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik. Аԥсны далырцеит аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыциуан ҳәа гәҩарас ироуз Британиа атәылауаҩ.
Кулдип Сингх аус адиулон атәылаҿы аиланхарҭақәеи, арратә обиектқәеи, аинфраструктуреи ахьгылоу азы адыррақәа роура алзыршо апроект ҳәа аанацҳауеит АШәМ.
Иаанкылаз иажәақәа рыла, иара 13 шықәса инареиҳаны лондонтәи аполициа аԥшыхәратә ҟәшаҿы аус иуан, аҵарҭышагаразы иусура аанижьит.
Шықәсык иназынаԥшуа Сингх Урыстәыла дынхон, нас Қырҭтәыла, уи ашьҭахь Аԥсны аӡбахә еилкааны арахь нхара ҳәа дааит. Араҟа англыз бызшәа дирҵон, абилиардасырҭа ааиртит.
Аԥсны закәаншьаҭала дыҟазу дыҟамзу ҳәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаиҵеит , — "британиатәи стәылауаҩшәҟәы аҿҳәара анҵәара иахҟьаны ҿыц сышәҟәқәа сзыҟамҵеит" ҳәа.
Аӡбарҭа аӡбрала иара Аԥсны далцан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала.