Свердловсктәи аобласт аихамҩаҿы атеракт аԥырҟәҟәаауп
11:26 27.01.2026 (ирҿыцуп: 12:15 27.01.2026)

© Sputnik / Игорь Зарембо
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik. Свердловсктәи аобласт аихамҩаҿы атеракт аԥырҟәҟәаауп.
Уи аздырхион хҩык урыстәылаа — ҩыџьа аишьцәа гәакьақәеи раҳәшьеи. Урҭ украинатәи акуратор иҟынтәи Telegram ала адҵақәа роуан. Акуратор адҵа риҭон Екатеринбург азауадқәа руак иаҵанакуа аихамҩақәа рҿы арелетә шьқаԥқәа рфотоҭыхра мҩаԥыргарц ҳәа рҳәеит Урыстәыла АфШӘМ аҿы.
Агәызҩара ззыҟоу ирымхуп аимадаратә хархәагақәа, аинструкциақәа, иара убас инапылаҟаҵароу амцаркыгатә хархәагақәа реибыҭаразы акомпонентқәа.
Ашьаус хацыркуп, ацәгьоура ҳәынҭқарратә ԥсахрак аҳасабала аквалификациа аҭаразы изырҵабыргуа аҭагылазаашьақәа реизгара мҩаԥысуеит.