Владимир Путин ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит абаҟа "Ан-Аԥсадгьыл" амҵан
16:48 27.01.2026 (ирҿыцуп: 17:34 27.01.2026)

© Foto / Kremlin.ru
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 — Sputnik. Владимир Путин ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Санкт-Петербург иҟоу Пискариовтәи амемориалтә ԥсыжырҭа амонумент "Ан-Аԥсадгьыл" амҵан.
Ленинград афашисттә блокада аҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәра 82 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы агәалашәаратә усмҩаԥгатә адгылара арҭеит егьырҭ аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакрақәагьы.
Убас, Аԥсны, Таиланд, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Танзаниа, Ареспублика Сербскаиа рыхьӡала абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.
Пискариовтәи амемориалтә ԥсыжырҭа Ленинград аблокада иалаӡызи Ленинградтәи афронт аибашьцәеи анышә иахьамадоу аҭыԥқәа ируакуп. Аиашьаратә нышәынҭрақәа рҿы ижуп 420 нызқьҩык Ленинград ауааԥсыра — амлакреи, ахьҭакреи, ачымазарақәеи, арҭҟәацгақәеи, артиллериатә хгәыцәқәеи рҟынтәи иҭахаз, 70 нызқьҩык Ленинград ахьчаҩцәа-аибашьцәа, иара убас иҟоуп 6 нызқь рҟынӡа хазхаҭалатәи арратә нышәынҭрақәа.