https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15146
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. "Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа. 28.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-28T11:35+0300
2026-01-28T11:35+0300
2026-01-28T12:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060680697_0:0:1071:603_1920x0_80_0_0_ea939a2d8fc1373ecd9685f1c5beea67.png
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. "Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа. Уахь инашьҭын алахәылацәа аус еиҭаздырулаз 70 проект. Аҩбатәи амодуль аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҟазацәа аексперттә лекциақәеи аилацәажәарақәеи мҩаԥыргоит. Иахьа аицлабра алахәылацәа рыпроектқәа рыхьчоит, аексперттә хеилак – афиналистцәа алнахуеит. Иара иазгәеиҭеит, мрагыларатәи Аԥсны аҿиаразы аԥшьгарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шрырҭо, убри аан атәыла акультуреи атрадициақәеи ҷыдала ишрызхьаԥшуа.Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 25-28 рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20260128/1060680334.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060680697_249:0:1054:604_1920x0_80_0_0_2456d670e11020aa141bca1ac662d094.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа
11:35 28.01.2026 (ирҿыцуп: 12:21 28.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. "Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа.
Уахь инашьҭын алахәылацәа аус еиҭаздырулаз 70 проект. Аҩбатәи амодуль аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҟазацәа аексперттә лекциақәеи аилацәажәарақәеи мҩаԥыргоит.
Иахьа аицлабра алахәылацәа рыпроектқәа рыхьчоит, аексперттә хеилак – афиналистцәа алнахуеит.
"Жәабранмза аҽеиҩшамҭанӡа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟаҳҵалоит, жәабранмза абжара шыҟоу ари аицлабраҿы аиааира згаз рыхьӡқәеи аԥара ззоуҳажьраны иҟоу апроектқәеи рылаҳҳәоит", — ҳәа иҳәеит "Аԥсны акоманда" апроекттә менеџьер Дмитри Габелиа.
Иара иазгәеиҭеит, мрагыларатәи Аԥсны аҿиаразы аԥшьгарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шрырҭо, убри аан атәыла акультуреи атрадициақәеи ҷыдала ишрызхьаԥшуа.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 25-28 рзы.