https://sputnik-abkhazia.info/20260128/1060685323.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа. Уахь инашьҭын алахәылацәа аус еиҭаздырулаз 70 проект... 28.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-28T13:01+0300
2026-01-28T13:01+0300
2026-01-28T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060685157_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ada28ad5123fea02505dcd5a231cc27e.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа. Уахь инашьҭын алахәылацәа аус еиҭаздырулаз 70 проект. Аҩбатәи амодуль аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҟазацәа аексперттә лекциақәеи аилацәажәарақәеи мҩаԥыргоит. Иахьа аицлабра алахәылацәа рыпроектқәа рыхьчоит, аексперттә хеилак – афиналистцәа алнахуеит. "Жәабранмза аҽеиҩшамҭанӡа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟаҳҵалоит, жәабранмза абжара шыҟоу ари аицлабраҿы аиааира згаз рыхьӡқәеи аԥара ззоуҳажьраны иҟоу апроектқәеи рылаҳҳәоит", — ҳәа иҳәеит "Аԥсны акоманда" апроекттә менеџьер Дмитри Габелиа. Иара иазгәеиҭеит, мрагыларатәи Аԥсны аҿиаразы аԥшьгарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шрырҭо, убри аан атәыла акультуреи атрадициақәеи ҷыдала ишрызхьаԥшуа.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль аусура иалагеит Москва. Апрограмма актәи амш хацыркхеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова лԥыларала. Аҵарадырратә программа еиҿкааит Аԥсны ахада Иусбарҭа Урыстәылатәи апрограмма "Амедиа ҿыцқәа русеицура" амеханика шьаҭас иҟаҵаны. Раԥхьатәи амодульқәа мҩаԥысит Пицунда, 2025 шықәса жьҭаареи абҵареи амзақәа рзы. Уажәы апрограмма алахәылацәа аҭааит Аҟазарҭа аусбарҭа "Сенеж". Апроект рхы аладырхәуеит 50-ҩык амедиаҟазацәа, аблогерцәа, АИХ-қәа русзуҩцәа, Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы уахь иналаҵаны.
КВН акоманда "Фантасмагорцы" афестиваль "КиВиН-2026" аҩбатәи атур аҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит. Абасала, дара Москвеи Подмосковиеи рлига хада "Лампа" ахь иақәшәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс. "Аҩбатәи атур аан "Фантсамагорцы" актәи аҭыҧ ргеит. Афестиваль ахықәкқәа нагӡоуп, ҳалҵшәқәа нашанахеит ҳара ҳазгьы", — иҳәеит акоманда анапхгаҩы Миха Цкәуа. Уажәы акоманда аҩныҟа ихынҳәуеит, дара Москва имҩаҧгахо ахәмаррақәа рҽазыҟарҵалоит.
2025 шықәсазы Аԥсны аекологиазы аҳәынҭеилакы аԥсабара аԥхасҭа азҭаз 5,3 млн мааҭ инареиҳаны ахараԥсақәа рықәнаҵеит. Административтә еилагарақәа рзы 195 нызқьмааҭ зыртәо 68 хараԥса рықәҵоуп. Арҭ арбагақәа ртәы еиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы Савели Ҷыҭанаа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Минасиани иҿы аҳасабырба аныҟаиҵоз. Ахараԥсақәа рықәҵан адгьылтә беиарақәа ыҵызхуа анаплакқәа, абнахьчареи амилаҭтә паркқәеи рҵакырақәа, иара убас атуристцәа зыдызкыло ахыбрақәа ргәаҭарақәа рышьҭахь.
"Апроект аҟынтәи анагӡарахь" — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи амодуль хыркәшахоит иахьа Аҟәа. Уахь инашьҭын алахәылацәа аус еиҭаздырулаз 70 проект. Аҩбатәи амодуль аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҟазацәа аексперттә лекциақәеи аилацәажәарақәеи мҩаԥыргоит. Иахьа аицлабра алахәылацәа рыпроектқәа рыхьчоит, аексперттә хеилак – афиналистцәа алнахуеит. "Жәабранмза аҽеиҩшамҭанӡа аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа ҟаҳҵалоит, жәабранмза абжара шыҟоу ари аицлабраҿы аиааира згаз рыхьӡқәеи аԥара ззоуҳажьраны иҟоу апроектқәеи рылаҳҳәоит", — ҳәа иҳәеит "Аԥсны акоманда" апроекттә менеџьер Дмитри Габелиа. Иара иазгәеиҭеит, мрагыларатәи Аԥсны аҿиаразы аԥшьгарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра шрырҭо, убри аан атәыла акультуреи атрадициақәеи ҷыдала ишрызхьаԥшуа. "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль аусура иалагеит Москва. Апрограмма актәи амш хацыркхеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова лԥыларала. Аҵарадырратә программа еиҿкааит Аԥсны ахада Иусбарҭа Урыстәылатәи апрограмма "Амедиа ҿыцқәа русеицура" амеханика шьаҭас иҟаҵаны. Раԥхьатәи амодульқәа мҩаԥысит Пицунда, 2025 шықәса жьҭаареи абҵареи амзақәа рзы. Уажәы апрограмма алахәылацәа аҭааит Аҟазарҭа аусбарҭа "Сенеж". Апроект рхы аладырхәуеит 50-ҩык амедиаҟазацәа, аблогерцәа, АИХ-қәа русзуҩцәа, Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы уахь иналаҵаны. КВН акоманда "Фантасмагорцы" афестиваль "КиВиН-2026" аҩбатәи атур аҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит. Абасала, дара Москвеи Подмосковиеи рлига хада "Лампа" ахь иақәшәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс. "Аҩбатәи атур аан "Фантсамагорцы" актәи аҭыҧ ргеит. Афестиваль ахықәкқәа нагӡоуп, ҳалҵшәқәа нашанахеит ҳара ҳазгьы", — иҳәеит акоманда анапхгаҩы Миха Цкәуа. Уажәы акоманда аҩныҟа ихынҳәуеит, дара Москва имҩаҧгахо ахәмаррақәа рҽазыҟарҵалоит. 2025 шықәсазы Аԥсны аекологиазы аҳәынҭеилакы аԥсабара аԥхасҭа азҭаз 5,3 млн мааҭ инареиҳаны ахараԥсақәа рықәнаҵеит. Административтә еилагарақәа рзы 195 нызқьмааҭ зыртәо 68 хараԥса рықәҵоуп. Арҭ арбагақәа ртәы еиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы Савели Ҷыҭанаа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Минасиани иҿы аҳасабырба аныҟаиҵоз. Ахараԥсақәа рықәҵан адгьылтә беиарақәа ыҵызхуа анаплакқәа, абнахьчареи амилаҭтә паркқәеи рҵакырақәа, иара убас атуристцәа зыдызкыло ахыбрақәа ргәаҭарақәа рышьҭахь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060685157_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_dad382aaff5547f84eff369193a332a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио