https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15150
Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркра
Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркра
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркраҳәа лҳәеит Акультура аминистрра акреативтә економикеи акультуратә... 28.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-28T14:35+0300
2026-01-28T14:35+0300
2026-01-28T16:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060685516_0:100:2048:1252_1920x0_80_0_0_307de6137f17d51a9f8e9f22ce55544f.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркраҳәа лҳәеит Акультура аминистрра акреативтә економикеи акультуратә индустриақәеи рыҟәша аиҳабы Светлана Габуниаԥҳа. Лара ари апроект ӡырылгеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба иԥылараан.Аԥшьгамҭа инақәыршәаны акультуратә институтқәеи, аҵакырақәеи, абизнеси, акреативтә индустриақәеи иаку хырхарҭакны еидкыло, ахҭысқәа рзеиԥш мзари ҳаамҭазтәи ацифратә аалыҵи еидкыло ақалақь иамоу аԥыжәарақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит. Агәҭакы авторцәа ргәы иҭоуп апроект анагӡара аҭыԥантәи арҿиаратә ҿар — аскульпторцәа, адизаинерцәа, архитекторцәа, ареставраторцәа уҳәа радыԥхьалара.Аҟәа ахада ари агәҭакы дадгылеит, ажәалагала ҟаиҵеит Аҟәа араион маҷқәагьы апроект иаҵаркызарц. Иара аԥшьгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ԥхьаҟатәи аилацәажәараан ахықәкылатә усумҭақәа аздырхиарц.
https://sputnik-abkhazia.info/20260127/1060670474.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1c/1060685516_0:0:1820:1365_1920x0_80_0_0_a1f653232a530654518ea2abce563b83.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркра
14:35 28.01.2026 (ирҿыцуп: 16:10 28.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Аҟәа иазгәаҭоуп апроект "Акультуратә қалақь" аусура ахацыркраҳәа лҳәеит Акультура аминистрра акреативтә економикеи акультуратә индустриақәеи рыҟәша аиҳабы Светлана Габуниаԥҳа.
Лара ари апроект ӡырылгеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба иԥылараан.
Аԥшьгамҭа инақәыршәаны акультуратә институтқәеи, аҵакырақәеи, абизнеси, акреативтә индустриақәеи иаку хырхарҭакны еидкыло, ахҭысқәа рзеиԥш мзари ҳаамҭазтәи ацифратә аалыҵи еидкыло ақалақь иамоу аԥыжәарақәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит.
Агәҭакы авторцәа ргәы иҭоуп апроект анагӡара аҭыԥантәи арҿиаратә ҿар — аскульпторцәа, адизаинерцәа, архитекторцәа, ареставраторцәа уҳәа радыԥхьалара.
"Даара ҳақәгәыӷуеит аҭыԥқәа рҿы апрофессионалцәа рыкластерқәа шьақәгылап ҳәа, усҟан ҳҿаргьы ақалақь арԥшӡараҿы зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡарала ралархәра алшоит. Ақалақьқәа рымацара ракәым, ареспублика зегьы", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Габуниаԥҳа.
Аҟәа ахада ари агәҭакы дадгылеит, ажәалагала ҟаиҵеит Аҟәа араион маҷқәагьы апроект иаҵаркызарц. Иара аԥшьгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ԥхьаҟатәи аилацәажәараан ахықәкылатә усумҭақәа аздырхиарц.