https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15155
Аԥсны иаԥҵоуп аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа
Аԥсны иаԥҵоуп аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Очамчыра араион аҿы аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа аԥҵоуп. 28.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-28T17:53+0300
2026-01-28T17:53+0300
2026-01-28T22:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
очамчыра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/11/1051719375_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_af2742e73efe64552a4a6f1334ae42e2.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Очамчыра араион аҿы аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа аԥҵоуп. Амузеи аартра азԥхьагәазҭо апроект "Аԥсҭазаара ахьӡала. Мрагыларатәи афронт" аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны адгылара аиуит. Уи автор Лела Кәакәасқьырԥҳа лажәақәа рыла, уажәы араион ақыҭақәа рышколқәа рҿы ааӡаратә усуразы аиҿкааҩцәеи аҵаҩцәеи еизыргоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа ирызку аинформациа аизгаразы, архивқәа ирҭаауеит, аветеранцәа ирыҿцәажәоит, нас амузеи ахь урҭ адыррақәа нарышьҭоит.Уи адагьы, асоциалтә ҳақәа рҿы адаҟьақәеи Telegram канали аартуп, уаҟа Амузеи аҵакы атәы еиҭарҳәоит, иҭахаз рҭаацәеи рҭынхацәеи рыҿцәажәарақәа цәырыргоит.Кәакәасқьырԥҳа иазгәалҭеит убри инаваргыланы ишыӡбахо Амузеи аадыртраны иахьыҟоу ауада аиҭашьақәыргылара азҵаарагьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20251216/1059770188.html
очамчыра
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/07/11/1051719375_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_16ea2c9d6f5d5bf7509add9022afadbe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, очамчыра
ажәабжьқәа, аԥсны, очамчыра
Аԥсны иаԥҵоуп аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа
17:53 28.01.2026 (ирҿыцуп: 22:20 28.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Очамчыра араион аҿы аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аусура аиҿкааразы агәыԥқәа аԥҵоуп.
Амузеи аартра азԥхьагәазҭо апроект "Аԥсҭазаара ахьӡала. Мрагыларатәи афронт" аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны адгылара аиуит.
Уи автор Лела Кәакәасқьырԥҳа лажәақәа рыла, уажәы араион ақыҭақәа рышколқәа рҿы ааӡаратә усуразы аиҿкааҩцәеи аҵаҩцәеи еизыргоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа ирызку аинформациа аизгаразы, архивқәа ирҭаауеит, аветеранцәа ирыҿцәажәоит, нас амузеи ахь урҭ адыррақәа нарышьҭоит.
Уи адагьы, асоциалтә ҳақәа рҿы адаҟьақәеи Telegram канали аартуп, уаҟа Амузеи аҵакы атәы еиҭарҳәоит, иҭахаз рҭаацәеи рҭынхацәеи рыҿцәажәарақәа цәырыргоит.
Кәакәасқьырԥҳа иазгәалҭеит убри инаваргыланы ишыӡбахо Амузеи аадыртраны иахьыҟоу ауада аиҭашьақәыргылара азҵаарагьы.