Аԥсуа ҭыԥҳа Париж Иҳараку амода амчыбжь аҟны аподиум ахь дцәырҵит
21:08 28.01.2026 (ирҿыцуп: 22:08 29.01.2026)

© Foto / из личного архива Адицы Берзения
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Адица Берзениаԥҳа Париж Иҳараку амода амчыбжь аҟны аподиум ахь дцәырҵит.
Аԥснытәи амодель Матие Блази Chanel азы иҟаиҵаз акутиуртә дебиут далахәын.
"Сара ари апроцесс аԥҵара сахәҭакуп, ҭабуп ари аҭагылазаашьазы! Ари зегьы рзы зеиԥшыҟам усуп! Агәыԥ зегьы, ацхырааҩцәа, Ателие аҟынтәи зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит! Ари игәырԥшаагаз, ихазыназ мшын", — ҳәа лиҩуеит лара асоциалтә ҳақәа рҿы.
2025 шықәса жьҭаара 6 рзы Адица Берзениаԥҳа Париж Матие Блази Chanel азы иаԥиҵаз иколлекциа ацәыргақәҵа аалыртит.
Аԥснытәи амодель амодақәа рыҩны аусзуҩцәа инарҭбааны ирзеиҭалҳәеит аԥсуаа аҩыҟаҵараҿы ирымоу атрадициақәеи ҳтәыла аҭоурыхи ртәы. Франциатәи амодақәа риндустриа ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҩи ашәха рҩеи шыргәаԥхаз атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит.

