Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит Апарламент актәи аԥхьараҿы
13:46 02.02.2026 (ирҿыцуп: 18:34 02.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 2 — Sputnik. Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит Апарламент актәи аԥхьараҿы.
Уаҟа иазгәаҭоуп, ахара здырҵаз ауаҩы ашьауӷа зқәызҵаз араионтә ӡбарҭа мацара ауп аусқәа рыӡбареи аӡбареи рзы азин змоу, иаҳҳәап, ариашаратә ҭыԥ хкы аԥсахра, шьаҭанкыла ахақәиҭра аҭара, мамзаргьы ачымазара амзыз ала ашьауӷа аҟынтәи ихы иақәиҭтәра, ахара здырҵаз ауаҩы даҽа ҭыԥк аҿы ашьауӷа ихигозаргьы.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа актәи аԥхьараҿы азакәан адкылара иадгылеит, аха уи ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа иазгәалҭеит, ари аԥҟара Урыстәылатәи аӡбарҭақәа рҿы ашьауӷа зқәырҵахьоу, аха Аԥсны ашьауӷа зхызго хаҭалатәи ауааԥсыра рзы иҷыдоу ҭыԥны иҟазар шахәҭоу.