Россотрудничествои "Добро.РФ-и" 70 инареиҳаны агуманитартә миссиақәа аҳәаанырцәҟа инаргоит
10:05 03.02.2026 (ирҿыцуп: 10:43 03.02.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 3 — Sputnik. Ашықәс нҵәаанӡа Россотрудничествои ассоциациа "Добро.РФ-и" 70 инареиҳаны агуманитартә миссиақәа аҳәаанырцәҟа ирышьҭраны иҟоуп.
Ажьырныҳәамза анҵәамҭазы апрограммақәа рырҭбааразы анапынҵа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Амиссиақәа русзуҩцәа акультуратә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара, егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рыхәышәтәра, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи реиқәырхара, аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи апроектқәа иреиӷьу рԥышәа раларҵәара иацхраалоит.
2025 шықәсазы апрограмма "Миссия Добро" аволонтиорцәа Аԥсынгьы налаҵаны, 13 тәыла рҿы ауаа ацхыраара рырҭеит. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы, урыстәылатәи аҳақьымцәа ареспубликаҿы агәаҭара иахрыжьит 200-ҩык инареиҳаны згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ахәыҷқәа. Иара убас аиҿкаареи Аҟәатәи агуманитартә коллеџьи афонд "Кьарази" аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит.