Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәоуп
13:07 03.02.2026 (ирҿыцуп: 13:35 03.02.2026)

© Foto / из личного архива Георгия Дзидзария
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 3 — Sputnik. Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәоуп.
Аԥхьахә ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа.
Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит ифундаменталтәу аҭҵаарадырратә усумҭақәа реиԥш, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иаԥҵоу аоригиналтә рҵага шәҟәқәагьы, амала урҭ арҵага шәҟәқәа дара аԥызҵаз авторцәа ртеориатә ҭҵаарақәа шьаҭас ирымазар. Аусумҭақәа зегьы 2023 шықәса рышьҭахь икьыԥхьзароуп.
Азыҳәақәа рыдыркылоит 2026 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.