"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа рԥылара - аинтерес зҵаз еиԥыларан лҳәеит Захарова
16:12 04.02.2026 (ирҿыцуп: 17:54 04.02.2026)

© Sputnik / Сергей Гунеев
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 4 — Sputnik. "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа рԥылара иаартыз, аинтерес зҵаз еиԥыларан ҳәа ахылҳәааит Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Sputnik азҵаара аҭак ҟаҵо, лара илҳәеит ари аиԥыларала ишаартыз Москва имҩаԥысыз апрограмма ахԥатәи амодуль.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәеи Захаровеи Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа инадыркны ареспублика акультуратәи аԥсабаратәи ԥыжәарақәа амедиаҿы раларҵәара аҟынӡа атемақәа ирылацәажәеит.
"Сара сгәы излаанаго ала, ииашаҵәҟьаны аинтерес аҵан. Арҭ апрограммақәа алшарақәа рацәаны иҳарҭоит, азыӡырҩцәа урҭ рхы ишадырхәо акәзар, уи дара ирызҳархо зҵаароуп", — лҳәеит лара.
Апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль мҩаԥысуан анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" аҿы ажьырныҳәа 28 инаркны жәабран 1 аҟынӡа. Апроект иалахәын 50-ҩык амедиаспециалистцәа, Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы уахь иналаҵаны.