Бадра Гәынба дырԥылеит Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиараз Агәыҳалалратә фонд анапхгара
16:50 04.02.2026 (ирҿыцуп: 17:17 04.02.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 4 — Sputnik. Бадра Гәынба дырԥылеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиараз Агәыҳалалратә фонд анапхгара.
Аиԥылараҿы иалацәажәеит абызшәа ацифраркра, арҵаратә программақәа рыҿиара, иԥсабаратәым ахдырра уахь иналаҵаны ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара.
Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит акраамҭатәи апрограммақәа — афинанстә программақәа реиԥш аиҿкааратә программагьы — рынагӡаразы аҳәынҭқарра раԥхьаӡакәны Афонд ганрацәала адгылара шанаҭо.
Уажәазы аплатформа Mozilla Common Voice аҿы еизгоуп 170 сааҭ инареиҳаны аԥсышәала ицәажәо анҵамҭақәа. Уи иалнаршоит ахатәы бжьытәи абызшәатә модельқәеи дырҵаразы абаза ашьақәыргылара, аԥсуа бызшәа аглобалтә цифратә платформақәа рахь ринтеграциа иацхраауеит.
Уи адагьы, афонд аус зыднаулаз ахатәы бызшәа аҵара аметодика атесттә режим ала атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа хәба рҿы иалагалахахьеит. Уи 150-ҩык ахәыҷқәа аҵанакуеит.