2025 шықәсазы Аԥсны абнанхамҩақәа 4,9 нызқь кубометр амҿы дырхиеит, егьырҭ атәылақәа рахь идәықәҵан — 3,7 нызқь кубометр.
20:17 04.02.2026 (ирҿыцуп: 20:26 04.02.2026)
Анапаҵаҩра
2025 шықәсазы Аԥсны абнанхамҩақәа 4,9 нызқь кубометр амҿы дырхиеит, егьырҭ атәылақәа рахь идәықәҵан — 3,7 нызқь кубометр.
Абри атәы иҳәеит абнатә нхамҩа Аҳәынҭусбарҭа аиҳабы Анзор Ашәхәаҵааи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани иареи реиԥылараан ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны абнарақәа рҵакыра амҽхак 527 нызқь гектар ыҟоуп. Есышықәса ахҵәаразы азин ыҟоуп — 50 нызқь кубометр, аха акыр имаҷны иԥырҟоит. Убри аҟнытә абнақәа рымҽхак маҷхеит ҳәа аҳәара ииашам ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аминистрцәа реилазаара 2026 шықәсазы абнеиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыплан иарбоуп — 24,7 нызқь кубометр. Урҭ рҟынтәи 21,7 нызқь — анхамҩатә хықәкқәа рзы зыԥҟара ҟало роуп ҳәа азгәаҭоуп атекст аҟны.