https://sputnik-abkhazia.info/20260213/1061053386.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аартра ииашоу ӡбамҭан ҳәа иԥхьаӡоит Бадра Гәынба. "Ҳара ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит аҳаирбаӷәаза анаадыртуаз шаҟа акритика ыҟаз... 13.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-13T18:01+0300
2026-02-13T18:01+0300
2026-02-13T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0d/1061053220_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1ea0faf3223dbffdf6c1cafea96fbfdd.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аартра ииашоу ӡбамҭан ҳәа иԥхьаӡоит Бадра Гәынба. "Ҳара ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит аҳаирбаӷәаза анаадыртуаз шаҟа акритика ыҟаз, шаҟаҩы "абзиа ҳзеиӷьазшьоз" ирҳәоз. Шықәсык ашьҭахь еилаҳкаар ҳалшоит — ари даара ииашаз ӡбамҭан ҳәа", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. «Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит лаҵара 1 инаркны аҳаирбаӷәаза шә-нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа шымҩаԥнагаз. Уи адагьы аҳаирбаӷәаза аартра Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәқәа иацнаҵеит.
Бадра Гәынба Урыстәыла аҳәааҿы уаанӡа акциа еиҿызкааз аидарамҩангага амашьына дуқәа рныҟәцаҩцәа дырԥылеит. Атәыла ахада аиԥылара мҩаԥигеит Урыстәылаҟа дцаанӡа. Амашьынарныҟәцаҩцәа ражәақәа рыла, аҳәаа ахысразы ауадаҩрақәа цәырҵит — аҳазалхыҩцәа аҳәара ҟарҵоит аҳәаа иахырго атауарқәа ргәаҭаразы амашьынақәа ирықәырхларц. Гәынба амаҵзурақәа адҵа риҭеит апроцедурақәа дмыруадаҩларц, аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацҵаны аусура еиҳа хра аманы еиҿыркаарц. Убри аан иара иазгәеиҭеит, атауарқәа зегьы ииашаны ашәҟәы рҭагалара аҵак ду шамоу, иҳәеит апроцедурақәа рырмариара аҳәынҭқарра аинтересқәа ирԥырхагамхалар шакәу.
Аспортбаза "Речхә" аиҭарҿиара алыршара иалацәажәеит азы Аҳәынҭеилакы ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагбеи ажәҩаҵшьразы Алтаитәи атәылаҿацә еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Константин Вишниакови. Уажәы акоманда 17-ҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ аӡеизакырҭаҿы жәабран 22 рҟынӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Ҳагба иҳәеит 1972 шықәсазы аспортбаза андыргыла инаркны арахь ишаауаз СССР ареспубликақәа рҟнытә еиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа нагақәа. "Рыцҳарас иҟалаз, ҳҭоурых ҿыц аамҭазы ари аргылара инагӡаны ахархәара амамызт. Алтаитәи атәылаҿацә ахаҭарнакцәеи ҳареи изныкымкәа ҳаиқәшәахьеит, аусеицура аиҭарҿыцразы ашьаҿақәа ҳрылацәажәахьеит, иахьа иреалтәу, акрызҵазкуа аӡбамҭақәа рахь ҳааины ҳаҟоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Урыстәыла абанк азыԥҵәа хада 0,5 процентк иагнархеит, ашықәстәи 15,5% аҟынӡа. Азыԥҵәа еиҳа ианыҳаракӡахаз ҳәа ишьоуп жьҭаара 2024 шықәсазы — ашықәстәи 21% аҟынӡа. Алаҟәхара иалагеит 2025 шықәса рашәарамза инаркны.
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аартра ииашоу ӡбамҭан ҳәа иԥхьаӡоит Бадра Гәынба. "Ҳара ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит аҳаирбаӷәаза анаадыртуаз шаҟа акритика ыҟаз, шаҟаҩы "абзиа ҳзеиӷьазшьоз" ирҳәоз. Шықәсык ашьҭахь еилаҳкаар ҳалшоит — ари даара ииашаз ӡбамҭан ҳәа", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. «Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит лаҵара 1 инаркны аҳаирбаӷәаза шә-нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа шымҩаԥнагаз. Уи адагьы аҳаирбаӷәаза аартра Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәқәа иацнаҵеит.Бадра Гәынба Урыстәыла аҳәааҿы уаанӡа акциа еиҿызкааз аидарамҩангага амашьына дуқәа рныҟәцаҩцәа дырԥылеит. Атәыла ахада аиԥылара мҩаԥигеит Урыстәылаҟа дцаанӡа. Амашьынарныҟәцаҩцәа ражәақәа рыла, аҳәаа ахысразы ауадаҩрақәа цәырҵит — аҳазалхыҩцәа аҳәара ҟарҵоит аҳәаа иахырго атауарқәа ргәаҭаразы амашьынақәа ирықәырхларц. Гәынба амаҵзурақәа адҵа риҭеит апроцедурақәа дмыруадаҩларц, аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацҵаны аусура еиҳа хра аманы еиҿыркаарц. Убри аан иара иазгәеиҭеит, атауарқәа зегьы ииашаны ашәҟәы рҭагалара аҵак ду шамоу, иҳәеит апроцедурақәа рырмариара аҳәынҭқарра аинтересқәа ирԥырхагамхалар шакәу.Аспортбаза "Речхә" аиҭарҿиара алыршара иалацәажәеит азы Аҳәынҭеилакы ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагбеи ажәҩаҵшьразы Алтаитәи атәылаҿацә еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Константин Вишниакови. Уажәы акоманда 17-ҩык аспортсменцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ аӡеизакырҭаҿы жәабран 22 рҟынӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Ҳагба иҳәеит 1972 шықәсазы аспортбаза андыргыла инаркны арахь ишаауаз СССР ареспубликақәа рҟнытә еиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы аӡырҳәыԥныҟәцаҩцәа нагақәа. "Рыцҳарас иҟалаз, ҳҭоурых ҿыц аамҭазы ари аргылара инагӡаны ахархәара амамызт. Алтаитәи атәылаҿацә ахаҭарнакцәеи ҳареи изныкымкәа ҳаиқәшәахьеит, аусеицура аиҭарҿыцразы ашьаҿақәа ҳрылацәажәахьеит, иахьа иреалтәу, акрызҵазкуа аӡбамҭақәа рахь ҳааины ҳаҟоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Урыстәыла абанк азыԥҵәа хада 0,5 процентк иагнархеит, ашықәстәи 15,5% аҟынӡа. Азыԥҵәа еиҳа ианыҳаракӡахаз ҳәа ишьоуп жьҭаара 2024 шықәсазы — ашықәстәи 21% аҟынӡа. Алаҟәхара иалагеит 2025 шықәса рашәарамза инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0d/1061053220_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ba18f9daa70cd7bb034e5e76296cdd4d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио