https://sputnik-abkhazia.info/20260213/1061054217.html
Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп
Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа... 13.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-13T18:27+0300
2026-02-13T18:27+0300
2026-02-14T01:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102932/22/1029322247_0:104:1997:1227_1920x0_80_0_0_c9443fb9c28f4b44d1bddd316fa5eb95.jpg
АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.Аԥхьаӡага ыҟамзар, ауал Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны иахыԥхьаӡалахоит, уигьы онлаин ахә ахшәаара алшоит. Аԥхьаӡага ыҟазар, аха адистанциатә рбагақәа раныхра уа иарбамзар, ас еиԥш ахҭысқәа рзы аус адырулоит асканер ҷыда, уи иаарласны ацҵа иаларгалоит.Макьаназы ацҵа аус аулоит абиллинг асистема ахьалагалоу — Аҟәа, Аҟәа араион, Гәдоуҭа. Хара имгакәа иаларгалоит Гагра, анаҩс – атәыла егьырҭ араионқәа рҿгьы.Ацҵа ахархәара ҟалоит iOS-И Android-и рҿы. Ашәҟәҭагаларазы ахаҿытә ԥхьаӡара ахыԥхьаӡара ҭагалатәуп, уи шәахәаԥшыр шәылшоит ахәхшәаара-аквитанциақәа рҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102932/22/1029322247_111:0:1886:1331_1920x0_80_0_0_6268b84481febbb15629523138889575.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп
18:27 13.02.2026 (ирҿыцуп: 01:17 14.02.2026) АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа агәаҭаратә режим ала ихацыркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба.
"Ари хаҭалатәи кабинетуп, абонент истатуси идыргақәеи ахаҿытә ԥхьаӡараҟны рышьклаԥшра алнаршоит. Урҭ – адистанциатә зҵаара азырбо аҳасаббаратә шьақәгылақәа ахьыҟоу ахархәара арбагақәа, уаанӡатәи аамҭақәа рзы ашәарақәа рырбагақәа, онлаин-шәарақәа рымҩаԥгара алыршара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥхьаӡага ыҟамзар, ауал Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны иахыԥхьаӡалахоит, уигьы онлаин ахә ахшәаара алшоит. Аԥхьаӡага ыҟазар, аха адистанциатә рбагақәа раныхра уа иарбамзар, ас еиԥш ахҭысқәа рзы аус адырулоит асканер ҷыда, уи иаарласны ацҵа иаларгалоит.
"Уажәы агәаҭара иахысуеит иҟалар зылшо агхақәа зегьы рбаразы, аҵыхәтәантәи ариашарақәа ирхысуеит. Ҳгәы иҭоуп ашәахьаҽны арежим наӡахь аиасра", — ҳәа ациҵеит Блабба.
Макьаназы ацҵа аус аулоит абиллинг асистема ахьалагалоу — Аҟәа, Аҟәа араион, Гәдоуҭа. Хара имгакәа иаларгалоит Гагра, анаҩс – атәыла егьырҭ араионқәа рҿгьы.
Ацҵа ахархәара ҟалоит iOS-И Android-и рҿы. Ашәҟәҭагаларазы ахаҿытә ԥхьаӡара ахыԥхьаӡара ҭагалатәуп, уи шәахәаԥшыр шәылшоит ахәхшәаара-аквитанциақәа рҿы.