https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15506
Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа
Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа. 14.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-14T19:01+0300
2026-02-14T19:01+0300
2026-02-14T20:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102870/99/1028709973_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_a5ef1aacb1488b7e0d833565c4ecff54.jpg
АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа.Арзаҳалқәа рыдыркылоит жәабран 16 инаркны 20 рҟынӡа, уи ашьҭахь алахәылацәа акомиссиа рҭаауеит аҩы ахкы агәаҭаразы. Урҭ аҩы ахәшьара арҭоит аицлабратә амчыбжь азы имҩаԥысуа аҩы агьамабараҿы. Аусмҩаԥгатә еиҿнакаауеит аилазаара "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" Аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рассоциациа ацхыраарала. Аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәахоит мшаԥы 26 рзы имҩаԥысуа аҩы иазку афорум "Акаҷыҷ 2026" аҿы.Аԥсуа ҩқәа рзы раԥхьатәи Амилаҭтә еицлабра мҩаԥысит 2022 шықәсазы. Иреиҳау аԥхьахә иоуит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба. Аҩбатәи аицлабра мҩаԥысит 2023 шықәсазы, ажиури алахәылацәа иалырхуан иреиӷьу аҿыҟаҵаҩцәа еиуеиԥшым ахьӡҳәақәа рҿы, аха алахәылацәа аӡәгьы иреиҳау аԥхьахә азы иахәҭаз абалл имоуӡеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20191102/Akay-Aardan-Amlakh-aakha-azh-ay-asuaa-rkulturay-1026939050.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102870/99/1028709973_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_e64b546041fd334b4ba497a6f32db2db.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа
19:01 14.02.2026 (ирҿыцуп: 20:52 14.02.2026) АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Аԥсуа ҩқәа ахԥатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥгахоит сынтәа.
Аицлабрақәа рхы рыладырхәыр рылшоит 300 литра иреиҵамкәа аҩы ҭазтәуа аҩыҟаҵаҩцәа. Аҩы ҭзыжьуа азауад дуқәа аицлабра алахәхара азин рымаӡам.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит жәабран 16 инаркны 20 рҟынӡа, уи ашьҭахь алахәылацәа акомиссиа рҭаауеит аҩы ахкы агәаҭаразы. Урҭ аҩы ахәшьара арҭоит аицлабратә амчыбжь азы имҩаԥысуа аҩы агьамабараҿы.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакаауеит аилазаара "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" Аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рассоциациа ацхыраарала. Аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәахоит мшаԥы 26 рзы имҩаԥысуа аҩы иазку афорум "Акаҷыҷ 2026" аҿы.
Аԥсуа ҩқәа рзы раԥхьатәи Амилаҭтә еицлабра мҩаԥысит 2022 шықәсазы. Иреиҳау аԥхьахә иоуит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба. Аҩбатәи аицлабра мҩаԥысит 2023 шықәсазы, ажиури алахәылацәа иалырхуан иреиӷьу аҿыҟаҵаҩцәа еиуеиԥшым ахьӡҳәақәа рҿы, аха алахәылацәа аӡәгьы иреиҳау аԥхьахә азы иахәҭаз абалл имоуӡеит.