00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:58
1 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсуа ҩқәа ирызку амилаҭтә еицлабра "Акаҷыҷ": аҩыҟаҵаҩцәа ирнаҭо азы агәаанагара
13:18
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп.Гагра араион АИ агәаҭарҭатә ҭыԥ Баӷрыԥсҭа иахьаҵанакуа ацәқәырԥақәа аихамҩа ҵнаӡәӡәааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аихамҩақәа.Адәыӷба Москва-Аҟәа Цандрыԥшь иаангылеит, иара уа иаангылеит "Диоскуриагьы". Адәыӷбақәа рпассаџьырцәа ахьнеиша рҭыԥқәа рахь машьынала инаргоит.Уажәы аихамҩа аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы аус руеит, адәыӷбақәа рныҟәара хара имгакәа еиҭахацыркхап ҳәа иԥшуп.
Афон ҿыц афымцацәаҳәақәа реидыслара аԥша ӷәӷәа ахьасыз ауп изыхҟьаз, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа. Уи иахҟьаны ҩ-ҵлак амца ркит."Амцакра иахҟьаны амашьынагьы ааха аиуит — амца зкыз аҵла амахә амашьына иақәҳаит. Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь инеины амца дырцәеит", — азгәеиҭеит иара. Кәыҵниа иҳәеит ари ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы ԥырхага шимоуз.
Аҽгәара ақыҭан амцакрақәа ақәа иарцәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион абылра-аҽацәыхьчаратә гәыԥ аиҳабы Мурман Ԥачулиа.Амцакра ҟалеит жәабран 18 рзы. Анхарҭатә хыбрақәа рзы ашәарҭара ыҟан, аха аиқәырхаҩцәа ианаамҭаз рнеира иабзоураны амца алаҵәара амаиуӡеит. Ус шакәызгьы анеира ахьыуадаҩыз аҭыԥқәа рҿы амцакра аанханы иҟан. Ԥачлиа иажәақәа рыла, абылра амца хәыҵҟьоит ҳәа агәҽанызаара амамзаара иахҟьазар ҟалоит.
2026 шықәса ҳаҭалазар Гагра араион аҿы 70 хыбра ҿыц ашәҟәы иҭаргалахьеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит "Иҷыдоу Автонхамҩа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Омар Зыхәба.Иара иазгәеиҭеит араион аҿы икоммерциатәым аргыларақәа 300 инареиҳаны аус шыруа. Иара убасгьы аргыларақәа рхыԥхьаӡара ишацло.Иҳәеит араион аинспекциа аргылара ҿыц ахьыҟоу аҭыԥахь ишцо ашәҟәынҵа рыманы. Исасааирҭоума, идәқьанума, ихцәыҟаҵарҭоума ахыбра иаҵанакуа аметрԥшьыркца ршәоит, нас иԥхьаӡаны ашәҟәы иҭаргалоит. Анаҩс аԥшәма дақәшаҳаҭзар инапы аҵеиҩуеит ҳәа азгәеиҭеит Зыхәба
Аԥсны аҭыԥԥшьаныҟәарақәа атуризм аҿиаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссариони, "Аиашахаҵаратә гуманитартә миссиа" афонд ахантәаҩы Павел Карпухини.Иара хықәкыс иамоуп аҭыԥԥшьаныҟәарақәа рхырхарҭақәа рырҿиара, Аԥсны адинтә туризм ацентр аҳасабала аӡыргара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара. "Аҭыԥԥшьаныҟәарақәа рмаршрутқәа рыҿиара адунеи зегьы аҟынтәи ақьырсианцәа ҳтәыла ааҭааразы алшара рнаҭоит, иара убасгьы ашықәс иалагӡаны атуристцәа радыԥхьалара иацхраауеит", — ҳәа иазгәеиҭеит Логәуа
Ажәабжьқәа зегьы
0