Амҩадуқәа рҿы амҩа-гәаҭаратәи апатрультәи аусбарҭақәа русура рӷәӷәоуп
20:16 21.02.2026 (ирҿыцуп: 20:45 21.02.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 21 — Sputnik. Аҟәантәи алҵырҭақәа рҿы амҩа-гәаҭаратәи апатрультәи аусбарҭақәа русура рӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳҭнықалақь аҿы аоперативтә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Агәаҭарақәа азырхоуп амашьынақәа рҿы изакәанымкәа абџьари аџьаԥҳани ныҟәызго, иара убас арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуи раанкылара.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит хаҭала аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут ихылаԥшрала
Жәабран 21 рзы Аҟәа дхәын Ешсоу Какалиа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут адҵа ҟаиҵеит аоперативтә усзуҩцәа обиективла аусҭҵаара мҩаԥыргарц, насгьы иаарласны аҭагылазаашьақәа зегьы еилыркаарц.