Урыстәылатәи ателесериал "Ельбрус" аҩбатәи асезон Аԥсны иҭырхуеит
21:06 22.02.2026 (ирҿыцуп: 21:36 22.02.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik.Урыстәылатәи ателесериал "Ельбрус" аҩбатәи асезон Аԥсны иҭырхуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ароль хадақәа руак назыгӡо, Москватәи атеатр актиор Михаил Бабичиов.
Аҭыхрақәа мҩаԥгахоит Гагра, Пицунда, иара убас Аԥсны ашьха иахьаԥнуи ашьха ҭыԥқәеи рҿы.
Асериал актәи асезонгьы 2025 шықәсазы ареспубликаҿы иҭырхит, афильм ахәҭақәак рҿы Аԥсны ауааԥсыра арольқәа нарыгӡеит ҳәа иҳәеит иара.

"Сара еснагь сеигәырӷьоит, зыԥшӡарала иџьашьахәу ари атәыла хәыҷы аҿы, аҭыԥ ҿыцқәа раартра", — ҳәа азгәеиҭеит актиор.
Бабичиов иҳәеит раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дшааз фышықәса анихыҵуаз иани иаби дрыцны. Усҟан дара Очамчыра рыԥсы ршьон. Актиор иазгәеиҭеит, ажәашықәсақәа рышьҭахь ареспублика данаҭаа, атәыла ҿыц ишизаатыз.
Асериал "Ельбрус" ари ауаа ацхыраара рызҭо, ретривер алажәла злахәу аиқәырхаратә еиҿкаара аҭоурых ауп. Ҩ-сезонк рҿы 32 сериа ыҟоуп.
Асериал шәахәаԥшыр ҟалоит урыстәылатәи "Ахәбатәи аканал" аҿы 2026 шықәса азбжазы.