Владимир Путин урыстәылаа Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит
10:48 23.02.2026 (ирҿыцуп: 12:25 23.02.2026)

© Foto / POOL
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Урыстәылатәи аруааи милаҭрацәала еилаҧсоу ауаажәларреи рымчқәа еидҵаны азеиԥш хықәкқәа рынагӡара рылшоит — Владимир Путин урыстәылаа Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит.
"Наџьнатә аахыс атәыла ахьчаразы игылон еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинхаҵарақәеи змаз ауаа. Апатриотизмреи Аԥсадгьыл алахьынҵазы аҭакԥхықәреи еиднакылон, афырхаҵарақәеи ԥсра зқәым аиааира дуқәеи рзы ргәы шьҭырхуан. Урыстәыла аибашьцәа ҳаамҭазтәи рабиԥара аамҭа ишаҳәоуеиԥш иацырҵоит рабацәа уасиаҭны ирзынрыжьыз афырхаҵареи атрадициақәеи", — иҳәеит ахада.
Путин иазгәеиҭеит арратә операциа ҷыда амҩаԥгараан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа.
Москва азы хымԥада аԥыжәара аманы иаанхоит Урыстәыла ашәарҭадара хәдықәҵара азызуз аиадертә триада аҿиара ҳәа азгәеиҭеит Путин.