00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
On air
18:16
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Чик" Брианцевтәи афестиваль аҿы: анапхгаҩы иҿцәажәара
18:19
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Новый сезон Медиалиги: о чем говорили на встрече с президентом?
18:49
3 мин
Интервью
Партнерство с Абхазией: Российский институт развития интернета готов поддержать проекты
18:52
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иахьа Хәажәкыроуп — аԥсуаа ажәытәӡатәи рныҳәара

© telegram sputnik_apsny_infoИахьа Хәажәкыроуп — аԥсуаа ҳмилаҭ культура иарҿиаз, ҳдунеихәаԥшышьа зныԥшуа ажәытәӡатәи аныҳәара
Иахьа Хәажәкыроуп — аԥсуаа ҳмилаҭ культура иарҿиаз, ҳдунеихәаԥшышьа зныԥшуа ажәытәӡатәи аныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2026
Анапаҵаҩра
Иахьа Хәажәкыроуп — аԥсуаа ҳмилаҭ культура иарҿиаз, ҳдунеихәаԥшышьа зныԥшуа ажәытәӡатәи аныҳәара.

Хәажәкыра иаалырҟьаны зхала иҟалаз акы акәым: аамҭа аҽақәыршәаны ишьақәгылеит, аԥсуаа рамзар аҟны ахатә ҭыԥ ааннакылоит. Хәажәкыреи Жәабрани еишьҭанеиуеит, ахәажә кны аныҳәара аӡыни ааԥыни реилыҵымҭазы имҩаԥырго қьабзуп. Жәабран — арахә-ашәахә ирызку ныҳәазар, Хәажәкыра — адгьыл ақәаарыхра, аԥсабара аҿыхара иадҳәалоуп.

Хәажәкыразы иржәуеит ашә згәылам ахәажәақәа (аҳампалқәа), аабыкьанӡа иҟарҵон иара убас амреи, амзаҿеи, алаҳәареи, акалакәыти рсахьақәагьы. Алаҳәара аныҟарҵоз амажәа аарҟьаҟьаны арыц хыхь иақәрыԥсон, ус ишыҟоу иржәуан. Алаҳәара цырак, акалакәытқәа — аҩнаҭаҿы аҭацацәа шаҟаҩ ыҟоу аҟара. Жәбранмгьал еиԥш, ахәажәақәа рымажәагьы ашыла еилаԥсала иркәаҳауеит — абарақьаҭразы. Ажәытә иҟан ахәажәа-кәакәарқәа ахәажәбӷьы илаҳәаны аҽҳәаҿы изӡуазгьы.

Аҭаацәара рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа хәажәа рзыршоит, руаӡәы иқәшәаз арасаҵәы анаҩс аҟәыд иаларҵоит, иҟоуп аҩы иҭазыршәуагьы. Арасаҵәы "амшҵәы", ма "анасыԥҵәы" ҳәа иашьҭоуп, иара зауз дымшуп, ашықәсан зегь рыла деиқәшәоит, аҭаацәара даламлацзар, инасыԥ иԥшаауеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аныҳәа ауха аҿар хәмаруан-иччон, рынасыԥ иаԥшуан.

Хәажәкыра еснагь Ачгара ду актәи амш иақәшәоит, ачгачысуп иадырбо. Мшаԥы анааскьо, иаргьы ааскьоит. Уи аҟынтә сынтәа ӡынраны имҩаԥаҳгоит, аха еиҳарак Хәажәкырамз ауп иаратәыҵәҟьа.

Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәабжьқәа зегьы
0