https://sputnik-abkhazia.info/20260223/1061248295.html
Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы
Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы. 23.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-23T21:51+0300
2026-02-23T21:51+0300
2026-02-23T22:12+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/17/1061248470_0:5:843:479_1920x0_80_0_0_fea81ebf3745e8872c769fdac3489b82.jpg
АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль "Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.Уи шьаҭас иамоуп ан иеиҭалҳәаз лыҷкәын иҭоурых.Давид — згәабзиарала зылшарақәа ԥку хәыҷуп, иара ашкол аҿы арҵаҩцәа рымч иқәхом. Аурокқәа рҿы ишиҭаху ихы мҩаԥигоит, арҵаҩцәа рыстол дықәгыланы ашәа иҳәоит, уи иахҟьаны ашкол иҭцаразы азҵаара ықәгылоуп.Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан, ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асценаҿы ажәеинраалақәа ирыԥхьон, афлеита адырҳәон, анапырхахаратә ашәа нарыгӡон. Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала.Ақәыргыламҭа арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ҩымш ракәын ианцоз, актиорцәа қәыԥшцәа ирықәыз аидара аҵгәара рылшеит.Аспектакль далахәын Москватәи атеатр актиор Михаил Бабичев.Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.Аспектакль аԥхьарбара азгәаҭоуп жәабран 24 рзы. Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/17/1061248470_100:0:744:483_1920x0_80_0_0_261c42b048eb539b1cab84c93ee56686.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы
21:51 23.02.2026 (ирҿыцуп: 22:12 23.02.2026) АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу аспектакль
"Афырхацәаҵәҟьақәа" апресс-рбара мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы.
Уи шьаҭас иамоуп ан иеиҭалҳәаз лыҷкәын иҭоурых.
Давид — згәабзиарала зылшарақәа ԥку хәыҷуп, иара ашкол аҿы арҵаҩцәа рымч иқәхом. Аурокқәа рҿы ишиҭаху ихы мҩаԥигоит, арҵаҩцәа рыстол дықәгыланы ашәа иҳәоит, уи иахҟьаны ашкол иҭцаразы азҵаара ықәгылоуп.
Ақәыргыламҭа иалахәын 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, ақәыргыламҭа аҳаразы ауадаҩрақәа змаз ахәыҷқәа рзы ирманшәалан, ацхыраара рылҭон анапырхахаратә бызшәа (жестовый язык — аред.) аиҭагаҩ. Згәабзиарала зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа асценаҿы ажәеинраалақәа ирыԥхьон, афлеита адырҳәон, анапырхахаратә ашәа нарыгӡон. Амузыкатә қәыргыламҭақәа еиҿкаан академиа "Ахәырма" аҟынтәи аҟазауаа рыцхыраарала.
Ақәыргыламҭа арежиссиор Џьамбул Жорданиа иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ҩымш ракәын ианцоз, актиорцәа қәыԥшцәа ирықәыз аидара аҵгәара рылшеит.
Аспектакль далахәын Москватәи атеатр актиор
Михаил Бабичев.
Апроект "Ҳәаа змам аҟазареи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" РУСДРАМи еицынарыгӡоит, Sputnik Аԥсны аинформациатә дгылареи Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аԥеиԥши" афинанстә цхыраареи рыла.
Аспектакль аԥхьарбара азгәаҭоуп жәабран 24 рзы. Аԥарақәа зегьы афонд "Ашана"хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.