Цандрыԥшь араион аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәага ҭадырхеит
11:07 24.02.2026 (ирҿыцуп: 12:52 24.02.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Цандрыԥшь араион аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәага ҭадырхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов.
Адрон аԥҽыхақәа амшын аҟәара иқәҳаит. Аԥсҭбарақәеи аԥырхагақәеи рзы аинформациа ыҟам.
Уи аԥхьа Шәачеи Сириуси аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәыларазы ашәарҭара ыҟоуп ҳәа агәҽанызаара рылаҳәан. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирпланқәа рыдкылареи ртәареи рзы аԥкрақәа алагалоуп, аԥсуа-аурыс ҳәаа аркуп.