Аԥсуа лига КВН "Амҩақәҵаҩцәа" раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥгахоит жәабран 28 рзы
18:25 24.02.2026 (ирҿыцуп: 19:03 24.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 — Sputnik. Аԥсуа лига КВН "Амҩақәҵаҩцәа" раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥгахоит жәабран 28 рзы аҳәынҭфиларомниаҿы.
Алига иалахәу акомандақәа амҩақәҵаҩцәа рымазаауеит — командацыԥхьаӡа аԥышәа змоу авторцәеи КВН "аветеранцәеи" хылаԥшра рырҭалоит. Аԥышәа змоу алафҳәаҩцәа асценариақәа рыҩреи аномерқәа рықәыргылареи рҿы ицхыраалоит.
"Амҩақәҵаҩцәа алархәны уажәы иҟаҳҵо зынӡа иҿыцуп. Ҳара аицлабрақәа акомандақәа рыдагьы амҩақәҵаҩцәа рыбжьарагьы имҩаԥгахоит, доусы ркомандақәа еиҳа еиӷьны иазыҟазҵаз, зкоманда еиҳа еиӷьны иаарԥшуа", — иҳәеит Ҭаниа.
Апроект иалахәхоит аа–командак — Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал рҟынтәи, иара убас аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи ԥшь-командак ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭспортеилакы. Зынӡа хә-хәмаррак мҩаԥгахоит: актәи ахәмарра, 1/8, 1/4, афиналбжа, афинал. Аицлабрақәа ирылагаанӡа алахәылацәа адраматургиеи, актиортә ҟазареи, асценатә цәажәареи рзы арҵаратә курсқәа ирхысит.