Гәдоуҭа иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп
13:25 25.02.2026 (ирҿыцуп: 13:56 25.02.2026)

© Sputnik / ФСБ РФ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Гәдоуҭа иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Ацәгьоура ҟалеит цәыббра 7, асааҭ 21:40 рзеиԥш, ақалақь агәаҿы, Афырхацәа рымҩадуи Маан имҩеи реихысырҭаҿы.
25 шықәса зхыҵуаз Осман Шамба 20 шықәса зхыҵуаз Станислав Агәмаа ҳәызбала дихәит, иуаҭәа адаԥшь ааха аиҭеит. Агәмаа иԥсҭазаара далҵит, Шамба аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп.