https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15750
Аҟәа аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ажрақәа ирылагеит
Аҟәа аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ажрақәа ирылагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ажрақәа ирылагеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Акультура... 25.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-25T18:04+0300
2026-02-25T18:04+0300
2026-02-25T19:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/19/1061295280_6:0:1489:834_1920x0_80_0_0_7e0928004e898d07db0b19057d91a241.png
АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ажрақәа ирылагеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.Уаҟа ҳера ҟалаанӡа I-IV ашәышықәса ирыҵанакуа абаашқәа ԥшьба рцәынхақәа ыҟоуп ҳәа згәеиҭеит иара.Џьопуа иҳәеит 1958 шықәсазы абаашқәа рхәҭақәа асовет археологцәа ишырбаз аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараан. Аҿҳәарақәа кьаҿын аҟынтә усҟан инагӡаны рыҭҵаара залмыршахеит, хыхь-хыхьла арыцқьара ауп имҩаԥыргаз.Иахьа арҭ аргыларақәа иҵегьы инарҭбааны рыҭҵаара аҭахуп, уи ажрақәа рымҩаԥгарада иауам. Урҭ рзы археологцәа мызкы аҟынӡа аамҭа рзоурыжьит, убри азы аволонтиорцәа рыцхыраара даара ирҭахуп иҳәеит Инал Џьопуа. Уи азы адырра ҷыдақәа хымԥадатәим."Мышкы аҩнуҵҟа сааҭк, ҩсааҭк, сааҭбжак аҟара аусура иазхиоу зегьы, шәааи шәҳацхраа. Иаҭахуп еиуеиԥшым аусурақәа, уа ажрагьы аҭахуп, ақәрыцқьарагьы, махәҿалагьы аус утәуп, акерамика аӡәӡәарагьы, убри аҟнытә, хәыҷи-дуи ари аҩыза аус бзиа шәҽалашәырхә", — ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/19/1061295280_253:0:1365:834_1920x0_80_0_0_6620ec7961d6bc5bd8a6ee6ab461a1cf.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аҭыԥаҿы ажрақәа ирылагеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Уаҟа ҳера ҟалаанӡа I-IV ашәышықәса ирыҵанакуа абаашқәа ԥшьба рцәынхақәа ыҟоуп ҳәа згәеиҭеит иара.
"Иарбоу аепоха иаҵанакуа римтәи абаашқәа ақалақь иахьаҵанакуа иҳамаӡам, убри аҟнытә ҳреспублика атәылауааи асасцәеи аҭоурых рнырра акраҵанакуеит", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Џьопуа иҳәеит 1958 шықәсазы абаашқәа рхәҭақәа асовет археологцәа ишырбаз аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараан. Аҿҳәарақәа кьаҿын аҟынтә усҟан инагӡаны рыҭҵаара залмыршахеит, хыхь-хыхьла арыцқьара ауп имҩаԥыргаз.
Иахьа арҭ аргыларақәа иҵегьы инарҭбааны рыҭҵаара аҭахуп, уи ажрақәа рымҩаԥгарада иауам. Урҭ рзы археологцәа мызкы аҟынӡа аамҭа рзоурыжьит, убри азы аволонтиорцәа рыцхыраара даара ирҭахуп иҳәеит Инал Џьопуа. Уи азы адырра ҷыдақәа хымԥадатәим.
"Мышкы аҩнуҵҟа сааҭк, ҩсааҭк, сааҭбжак аҟара аусура иазхиоу зегьы, шәааи шәҳацхраа. Иаҭахуп еиуеиԥшым аусурақәа, уа ажрагьы аҭахуп, ақәрыцқьарагьы, махәҿалагьы аус утәуп, акерамика аӡәӡәарагьы, убри аҟнытә, хәыҷи-дуи ари аҩыза аус бзиа шәҽалашәырхә", — ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит иара.