https://sputnik-abkhazia.info/20260225/1061296866.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа иаразнак ианыԥшит аекономика, акультура, адемографиа рганахь ала ҳәа лҳәеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр амилаҭтә економика... 25.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-25T18:01+0300
2026-02-25T18:01+0300
2026-02-25T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/19/1061296700_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_605980f1512c9a728562acd480eed8e0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа иаразнак ианыԥшит аекономика, акультура, адемографиа рганахь ала ҳәа лҳәеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хаҭуна Шаҭиԥа, Ауаажәларратә палата еиҿнакааз апанельтә еицәажәараҿы дықәгыло. "Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа ҳқыҭақәа рҿы ииуа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит, аҭаацәара иалало рхыԥхьаӡара 40% рҿы иаанхеит, аҭаацәарақәа еилыҵуа рхыԥхьаӡара хынтә иацлеит", — ҳәа азгәалҭеит лара. Зегь раԥхьаӡа аҳәынҭқарратә программа ҳамазароуп, анаҩс ауп уи анагӡаразы азакәанқәа анҳадаҳкыло ҳәа лҳәеит Шаҭиԥа.
Анхаҩы иҭакԥхықәра рацәоуп — абызшәа, аҿиара, аԥсуара аиқәырхара, аха абарҭқәа зегь реиҿкааразы ақыҭа аус ауроуп, уи азын алшара ыҟазароуп, гәаҳәарыла хара узцаӡом ҳәа агәаанагара имоуп Гәдоуҭа Араионтә еизара адепутат Хьерсон Шәманиа. Иара дықәгылеит Ауаажәларратә палата еиҿнакааз "Аҵакырадгьыл аизҳара: Асоциал-економикатә ҿиара астратегиақәа" ҳәа хьӡыс измаз апанельтә еицәажәараҿы. Иахьа анхаҩы игу-ибзоу аҟны ацхыраара иҭараз ақыҭа ахада деибыҭаӡам. Ақыҭа иалҵуа ашәахтәқәа зегьы араион ахь ицоит. Ус акәымкәан 20-30% ақыҭаҿ иаанхозҭгьы бзиан ҳәа иҳәеит иара.
Закәаншьаҭада абџьар ҵәахны амазаара афактқәа хԥа аадырԥшит азинхьчаҩцәа жәабран 24 рзы амҩақәа рҿы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа раан. Атапанчақәеи ахеиқәыршәақәеи рымхуп, ашьаусқәа рхацыркра азҵаара ӡбахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР аҟны.Агәаҭарақәа мҩаԥысуан хаҭалатәи аилазаара реиҭныԥсахларала. Зынӡа административтә еилагарақәа рзы 398 ԥкаанҵа шьақәыргылан. Арыжәтә ыжәны иҟаз 13-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа аарԥшуп, 120 машьына рсаркьақәа арлашьцагақәа рымхуп.
Лыхны ақыҭа инхо Руслан Гьериа иганахьала ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит АҩАР. Иара гәҩарас дрымоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аветеранцәа-аинволидцәа рфонд араионтә ҟәша анапхгаҩы Алеқсандр Нуров имашьына деихсит, анаҩс ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә дыбналеит ҳәа. Гьериа ихысуа абџьар имхуп, даанкылоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа иаразнак ианыԥшит аекономика, акультура, адемографиа рганахь ала ҳәа лҳәеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хаҭуна Шаҭиԥа, Ауаажәларратә палата еиҿнакааз апанельтә еицәажәараҿы дықәгыло. "Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа ҳқыҭақәа рҿы ииуа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит, аҭаацәара иалало рхыԥхьаӡара 40% рҿы иаанхеит, аҭаацәарақәа еилыҵуа рхыԥхьаӡара хынтә иацлеит", — ҳәа азгәалҭеит лара. Зегь раԥхьаӡа аҳәынҭқарратә программа ҳамазароуп, анаҩс ауп уи анагӡаразы азакәанқәа анҳадаҳкыло ҳәа лҳәеит Шаҭиԥа.Анхаҩы иҭакԥхықәра рацәоуп — абызшәа, аҿиара, аԥсуара аиқәырхара, аха абарҭқәа зегь реиҿкааразы ақыҭа аус ауроуп, уи азын алшара ыҟазароуп, гәаҳәарыла хара узцаӡом ҳәа агәаанагара имоуп Гәдоуҭа Араионтә еизара адепутат Хьерсон Шәманиа. Иара дықәгылеит Ауаажәларратә палата еиҿнакааз "Аҵакырадгьыл аизҳара: Асоциал-економикатә ҿиара астратегиақәа" ҳәа хьӡыс измаз апанельтә еицәажәараҿы. Иахьа анхаҩы игу-ибзоу аҟны ацхыраара иҭараз ақыҭа ахада деибыҭаӡам. Ақыҭа иалҵуа ашәахтәқәа зегьы араион ахь ицоит. Ус акәымкәан 20-30% ақыҭаҿ иаанхозҭгьы бзиан ҳәа иҳәеит иара.Закәаншьаҭада абџьар ҵәахны амазаара афактқәа хԥа аадырԥшит азинхьчаҩцәа жәабран 24 рзы амҩақәа рҿы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа раан. Атапанчақәеи ахеиқәыршәақәеи рымхуп, ашьаусқәа рхацыркра азҵаара ӡбахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР аҟны.Агәаҭарақәа мҩаԥысуан хаҭалатәи аилазаара реиҭныԥсахларала. Зынӡа административтә еилагарақәа рзы 398 ԥкаанҵа шьақәыргылан. Арыжәтә ыжәны иҟаз 13-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа аарԥшуп, 120 машьына рсаркьақәа арлашьцагақәа рымхуп.Лыхны ақыҭа инхо Руслан Гьериа иганахьала ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит АҩАР. Иара гәҩарас дрымоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аветеранцәа-аинволидцәа рфонд араионтә ҟәша анапхгаҩы Алеқсандр Нуров имашьына деихсит, анаҩс ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә дыбналеит ҳәа. Гьериа ихысуа абџьар имхуп, даанкылоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/19/1061296700_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_7e0f7b7b4183a979e0a99ae0378c26f9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио