Испаниатәи аветеринар Гагра аԥстәқәа рстелиризациа мҩаԥигоит
19:00 25.02.2026 (ирҿыцуп: 19:49 25.02.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 25 — Sputnik. Испаниатәи аветеринар Гагра араион аҿы аԥстәқәа рстелиризациа хәыда-ԥсада имҩаԥигоит хәажәкыра 23 - 30 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд "Багира", алақәа рбарҭа "Топа" рнапхгаҩы Саида Отырԥҳа.
"Бриџьиҭ Бордо лфонд ҩынтәуп имҩаԥнагоижьҭеи хәыда-ԥсада алақәеи ацыгәқәеи рыстелиризациа. Раԥхьаӡакәны ари афонд ацхыраарала аиԥш зеиԥшу акциа мҩаԥган ҩышықәса раԥхьа. Уи алҵшәақәа иахьа ҿырԥштәыс ишьҭырхуеит егьырҭ атәылақәа рҿы. Афонд аусзуҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ауааԥсыреи аволонтиорцәеи ари аус активла рхалархәра", – ҳәа азгәалҭеит лара.
Акциа ҩымш Цандрыԥшь имҩаԥысуеит, хымш – Гагра. Уажәы лымкаала аус здыруло аҩнытә лақәа роуп, избанзар амҩаду иану алақәа реиҳарак дрыцқьахьеит. Аклиникақәа рҿы аԥстәқәа рстелиризациа ахә ахьынӡаҳараку ҳасаб азуны, Оҭырба араион ауааԥсыра ари аҩыза аҭагылазаашьа раҩрмажьырц рабжьылгеит.
Аԥҟарақәа ируакуп – аԥстәқәа заанаҵы аӡи апаҿи рылазар ррыцқьара. Ҩышықәса раԥхьа акциа иамҽханакит 600 инареиҳаны амҩаду ианызи аҩнытәи аԥстәқәа. Уажәазы 400 рҟынӡа азгәаҭаны ирымоуп.
Азыҳәақәа рыдкылара иалагоит акциа амҩаԥгара ҩымчыбжь шагу. Аҽҭаҩра ҟалоит абри аҭел ала +7 940 911 11 67.