Гәдоуҭа араион ахада дшьақәырӷәӷәоуп
13:40 26.02.2026 (ирҿыцуп: 13:52 26.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik. Асҭамыр Аргәын Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара адепутат Ҭемыр Дбар.
Араионтә еизара адепутатцәа 28-ҩык рыбжьы ирҭеит Аргәын хадас иҟаҵаразы, аӡәы – даҿагыланы ибжьы иҭиит.
Уи аԥхьаҟа Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа анагӡаразы Асҭамыр Аргәын дҟаиҵеит.
Асҭамыр Аргәын диит ажьырныҳәа 31 1968 шықәсазы. 1986 шықәсазы дҭалеит ААУ аекономикатә факультет.
Далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы акыр шықәса аус иуан ашәахтә усбарҭақәа рҿы, ианашьоуп аусбарҭатә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.