00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Арубрика "Ашьхардац"
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Арубрика "Ашьхардац"
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны амилаҭтә информациа-налитикатә система алагалара азгәаҭоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Человек с ноутбуком
Человек с ноутбуком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 26 — Sputnik. Аԥсны амилаҭтә информациа-налитикатә система аларгалар алшоит ҳәа иҳәеит Жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа.

Апроект иалацәажәеит иахьа, Аԥсны Апарламент аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәараҿы.
Занҭариа иҳәеит Жәларбжьаратәи аинформгәыԥ "Интерфакс" Аԥсны аофициалтә хыҵхырҭақәа рышьаҭала иаԥҵоу асистема аконцепциа шаднагало.
"Ҳаамҭазтәи аусутә ҭагылазаашьа аҿиареи адунеитә економикатә еидҵареи ҟалашьа амаӡам аҳәынҭқарреи абизнеси ацифратә трансформациа рзымукәа. Ареспублика аилахәырақәа рзы адыррақәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ацифратә аалыҵқәа "Интерфакс" зхы иазырхәо зегьы ироуеит. Урҭ 100-нызқьҩык иреиҳауп. Ари аусутә ҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит, жәларбжьаратәи апартниорцәа рзы аекономика аҭаххара шьҭнахуеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.
Аинформациатә система аԥҵахоит Аԥсны аҵакыратә серверқәа рҿы, атрансҳәаатә дыррақәа рыҭареи ахаҭаратә дыррақәа рыларҵәареи рыда. Иара убасгьы абизнеси амчреи рхаҭарнакцәа Урыстәыла, ИАР атәылақәа, адунеи атәылақәа реиҳарак ариурист хаҿқәа рзы аинформациа роуеит ҳәа иҳәеит Занҭариа.

Жәларбжьаратәи аинформгәыԥ "Интерфакс" аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа еиҭеиҳәеит агәыԥ "Интерфакс" — 400-ҩык рҟынӡа аспециалистцәа аус ахьыруа IT-еилахәыра дуны ишыҟоу.
"Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, абизнес усбарҭақәа, абанкқәа 80% рҟынӡа ҳсистемақәа рхы иадырхәоит, ҳсистема ақәшаҳаҭрада акредитқәа рыҭара зынӡа иалшаӡом", — иҳәеит Гәлиа.
"Интерфакс" ари апроект Аԥсны азы хәыда-ԥсада анагӡара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб амилаҭтә информациа-аналитикатә система аԥснытәи абизнеси урыстәылатәи аинвесторцәеи аинтерес рымазароуп ҳәа азиԥхьаӡоит.
"Сара сгәы излаанаго ала, ари афункционал аинтерес аиуеит, аиҳаракгьы Урыстәыла Афедерациа аҟынтәи инвесторцәа рганахь ала. Дара ирылшоит аинвестициатә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵаанӡа, иарбанзаалак абизнес алахәылацәа ирылалаанӡа, ԥхьаҟатәи рпартниорцәа ахәшьара рыҭара", — иҳәеит иара.
Ас еиԥш аинформациа анаплакҩцәа аҳәынҭусбарҭақәа рҿы ироуӡом ҳәа азгәеиҭеит аминистр. "Ари шәареи сареи ҳазхысыр акәхо, хазы игоу ҭоурыхуп, — арҭ адыррақәа рыҭара аганахь ала азакәанԥҵара ԥсаххароуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Амқәаб.
Амилаҭтә информациа-аналитикатә система инагӡаны аус аруразы амчратә усбарҭақәа рыбжьареи, амчратә усбарҭақәеи азыҳәа ҟазҵази реинырра аԥҟарақәа ԥсахтәуп, иара убас уи азакәанқәеи азакәаншьаҭа змоу актқәеи ирныԥшроуп ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Жәларбжьаратәи аинформациатә гәыԥ "Интерфакс" аҳәынҭқарратә сектори аҳәаанырцә ааигәа атәылақәеи рҟны абизнес аҿиаразы адиректор Дариа Мелех иазгәалҭеит атәылаҿы аус зуа абизнес хкқәа зегьы рзы адыррақәа амилаҭтә аинформациа-налитикатә системаҿы ишеидкылахо.
"Адыррақәа ус баша еидкылахом, урҭ лабҿаба рҽырыԥсахлоит, даҽакала иуҳәозар, џьара ак ҟалар, уи аинформациа иаразнак аҽарҿыцлоит. Ари акыр иаԥсоуп, избанзар, ганкахьала, ашәахтә леишәа шьҭнахуеит, даҽа ганкахьала, акоррупциа аҿагылара иазкуп", — ҳәа лҳәеит лара.
Мелех инаҵшьны иазгәалҭеит асистема ишалнаршо акоррупциеи ацәгьоуратә еилаӡарақәеи рҿагылара. Иара убасгьы анаплакҩцәа алшара рымазаауеит рхази абизнес егьырҭ ахаҭарнакцәеи ирызку адыррақәа рбара. Аригьы, наҟ-ааҟтәи феида злоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара алнаршоит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ Роман Дбар амилаҭтә информациа-аналитикатә система амаҵзуразы аспециалистцәа разыҟаҵара иалагарц ажәалагала ҟаиҵеит.
"Ҳара ихаҭәаау, ибзианы аус зуа адыррақәа аус рыдызулаша ацентрқәа макьана иҳамаӡам, иазԥхьагәаҭоуп ауп. Араҟа ицәырҵуеит азҵаара – изеиԥшрахозеи ААУ ари аҭагылазаашьаҿы иааннакыло аҭыԥ. ААУ Аԥсны акадрқәа ржьирҭа хадоуп, раԥхьа иргыланы аспециалистцәа разыҟаҵара алагара шәыдаагалар ҳалшоит", — иҳәеит иара.
Уи азы ауниверситет аҿы иаԥҵатәуп рацәак идуум арыцхә-центр — ԥшьышықәса рышьҭахь аусура иазхиахо аспециалистцәа рзы арҵаратә ҭыԥ. Убри аан Дбар далацәажәеит, ААУ аус ацызуа урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи рбиуџьеттә ԥкрақәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәа, урҭ ареспубликаҿы аԥара аныхра алзмыршо аиқәшаҳаҭрақәа ахьрыбжьоу иахҟьаны.
"Ахатәы еилахәыра шәахьахаҭарнаку, аинырразы аԥеиԥш бзиақәа унаҭоит. "Интерфакс" ААУ аҿы ари ахырхарҭазы аспециалистцәа азыҟазҵало аҭыԥ аԥҵара иазҿлымҳахар, уи даара аинтерес зҵоу еиныррахоит", — иҳәеит иара.
Роман Дбар игәаанагарала, ас еиԥш аусеицура шықәсқәак рышьҭахь иуныруа алҵшәақәа аанашьҭыр алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0