https://sputnik-abkhazia.info/20260226/1061321559.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иус азы ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхра иахьа иацҵан Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аппарат аусзуҩцәа хәҩык еиҭарҳәеит 2024 шықәса... 26.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-26T18:01+0300
2026-02-26T18:01+0300
2026-02-26T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/1a/1061321393_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_bdd8662e536f37c65705a3d453cc80b5.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иус азы ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхра иахьа иацҵан Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аппарат аусзуҩцәа хәҩык еиҭарҳәеит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аилактә еилатәараҿы иҟалаз аҭагылазаашьақәа ртәы. Ашаҳаҭцәа рхаҭақәа ахысрақәа раан аилатәара азал аҿы иҟамызт, аха 3-4 хысбыжь раҳаит, уи ашьҭахь идәылҵны ааха зауз ацхыраара рырҭо иалагеит, ацхыраара ласы иԥхьеит. Убри аан, дара аӡәгьы издырӡом аимак зыхҟьаз. Аӡбарҭа анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 асааҭ 12: 00 рзы.
Асҭамыр Аргәын Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара адепутат Ҭемыр Дбар. Араионтә еизара адепутатцәа 28-ҩык рыбжьы ирҭеит Аргәын хадас иҟаҵаразы, аӡәы – даҿагыланы ибжьы иҭиит. Уаанӡа Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа анагӡаразы Асҭамыр Аргәын дҟаиҵеит. Асҭамыр Аргәын диит ажьырныҳәа 31 1968 шықәсазы. 1986 шықәсазы дҭалеит ААУ аекономикатә факультет. Далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы акыр шықәса аус иуан ашәахтә усбарҭақәа рҿы, ианашьоуп аусбарҭатә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Атәылаҿы аус зуа абизнес хкқәа зегьы рзы адыррақәа амилаҭтә аинформациа-налитикатә системаҿы еидкылахоит ҳәа азгәалҭеит жәларбжьаратәи аинформациатә гәыԥ "Интерфакс" аҳәынҭқарратә сектори аҳәаанырцә ааигәа атәылақәеи рҟны абизнес аҿиаразы адиректор Дариа Мелех. "Адыррақәа ус баша еидкылахом, урҭ лабҿаба рҽырыԥсахлоит, даҽакала иуҳәозар, џьара ак ҟалар, уи аинформациа иаразнак аҽарҿыцлоит. Ари акыр иаԥсоуп, избанзар, ганкахьала, ашәахтә леишәа шьҭнахуеит, даҽа ганкахьала, акоррупциа аҿагылара иазкуп", — ҳәа лҳәеит лара. Мелех инаҵшьны иазгәалҭеит асистема ишалнаршо акоррупциеи ацәгьоуратә еилаӡарақәеи рҿагылара.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы иаадыртраны иҟоуп атурист-информациатә центр, абри атәы иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара иазгәеиҭеит аҳаирбаӷәаза ахыбра даара ахаҿраԥшӡа аманы ишыҟалаз, уи раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәара ԥшӡа иалагамҭаны иҟалар шалшо. Аминистр иҳәеит атурист-информациатә центр аҿы атуристцәа Аԥсны иазку инарҭбаау адыррақәа роур шрылшо.
Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иус азы ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхра иахьа иацҵан Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы. Аппарат аусзуҩцәа хәҩык еиҭарҳәеит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аилактә еилатәараҿы иҟалаз аҭагылазаашьақәа ртәы. Ашаҳаҭцәа рхаҭақәа ахысрақәа раан аилатәара азал аҿы иҟамызт, аха 3-4 хысбыжь раҳаит, уи ашьҭахь идәылҵны ааха зауз ацхыраара рырҭо иалагеит, ацхыраара ласы иԥхьеит. Убри аан, дара аӡәгьы издырӡом аимак зыхҟьаз. Аӡбарҭа анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 асааҭ 12: 00 рзы.Асҭамыр Аргәын Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аизара адепутат Ҭемыр Дбар. Араионтә еизара адепутатцәа 28-ҩык рыбжьы ирҭеит Аргәын хадас иҟаҵаразы, аӡәы – даҿагыланы ибжьы иҭиит. Уаанӡа Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа анагӡаразы Асҭамыр Аргәын дҟаиҵеит. Асҭамыр Аргәын диит ажьырныҳәа 31 1968 шықәсазы. 1986 шықәсазы дҭалеит ААУ аекономикатә факультет. Далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы акыр шықәса аус иуан ашәахтә усбарҭақәа рҿы, ианашьоуп аусбарҭатә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.Атәылаҿы аус зуа абизнес хкқәа зегьы рзы адыррақәа амилаҭтә аинформациа-налитикатә системаҿы еидкылахоит ҳәа азгәалҭеит жәларбжьаратәи аинформациатә гәыԥ "Интерфакс" аҳәынҭқарратә сектори аҳәаанырцә ааигәа атәылақәеи рҟны абизнес аҿиаразы адиректор Дариа Мелех. "Адыррақәа ус баша еидкылахом, урҭ лабҿаба рҽырыԥсахлоит, даҽакала иуҳәозар, џьара ак ҟалар, уи аинформациа иаразнак аҽарҿыцлоит. Ари акыр иаԥсоуп, избанзар, ганкахьала, ашәахтә леишәа шьҭнахуеит, даҽа ганкахьала, акоррупциа аҿагылара иазкуп", — ҳәа лҳәеит лара. Мелех инаҵшьны иазгәалҭеит асистема ишалнаршо акоррупциеи ацәгьоуратә еилаӡарақәеи рҿагылара. Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы иаадыртраны иҟоуп атурист-информациатә центр, абри атәы иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара иазгәеиҭеит аҳаирбаӷәаза ахыбра даара ахаҿраԥшӡа аманы ишыҟалаз, уи раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рзы аныҟәара ԥшӡа иалагамҭаны иҟалар шалшо. Аминистр иҳәеит атурист-информациатә центр аҿы атуристцәа Аԥсны иазку инарҭбаау адыррақәа роур шрылшо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/1a/1061321393_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ee8bfb8802a8b7eaa325e152058757f0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио