Урыстәыла аекономҿиара аминистр зхадараҿы дыҟоу аделегациа усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа иааит
11:39 28.02.2026 (ирҿыцуп: 13:34 28.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 28— Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа усутә ныҟәарыла Аԥсныҟа иааит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы иара иԥылеит аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Апрограмма иарбоуп Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылоу ахыбрақәа рҭаареи ареспублика анапхгара рԥылареи.
Аҵыхәтәан Решетников зхадараҿы дыҟаз Аекономҿиара аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Аԥсны иҟан 2023 шықәсазы.
Аминистр Аинвестпрограммала еиҭашьақәдыргылоз ахыбрақәа гәеиҭеит, астанциа маҷқәа, арыцқьаратә ргыларақәа, агәамсамеизакырҭа дырҭааит, анапхгареи иареи аинвестициақәа ирылацәажәеит.