https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15825
Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп
Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп хәажәкыра акы ашьыжьтәи адыррақәа рыла ҳәа... 01.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-01T12:26+0300
2026-03-01T12:26+0300
2026-03-01T14:14+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102644/86/1026448641_0:106:1024:682_1920x0_80_0_0_95bca228dcedcf5a790c7c11aa391bcc.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп хәажәкыра акы ашьыжьтәи адыррақәа рыла ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа 38 реис ааныркылеит, аҳәаанырцәтәи аҳаиреилахәырақәа — 31. Аиҳарак иааныркылаз (75% инареиҳаны) Урыстәылантәи Еиду Арабтәи Аемиратқәа рахь, насгьы уахьынтәи аҳаирԥыррақәа роуп.Атранспорт аминистрреи Росавиациеи апассаџьырцәа рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.Асабша Америкеи Израильи Иран иаҿагыланы мҽхакы ҭбаалатәи арратә операциа мҩаԥыргеит. Тель-Авив иазгәанаҭеит, ақәылара хықәкыс ишамоу Тегеран аиадертә бџьар аиура аԥырҟәҟәаара.Тегеран аҭак ҟанаҵеит Израильтәи адгьылҵакыреи Мрагылара Ааигәа иҟоу Америкатәи абазақәеи рыжәларала. Аинформациатә хархәагақәа рҳәамҭақәа рыла, аракетақәа арратә хықәкқәа рымацара ракәымкәа, аԥсылман ҳәынҭқарра еиԥш егьырҭ атәыла арегионқәа рҿы иҟоу аграждантә инфраструктурақәагьы ирыжәырҵоит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102644/86/1026448641_115:0:1024:682_1920x0_80_0_0_909a53f74255935f5056ec1bdb10b06d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп
12:26 01.03.2026 (ирҿыцуп: 14:14 01.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Урыстәылеи Мрагылара Ааигәа атәылақәеи рыбжьара 62 реис аҳаир ԥыррақәа аанкылоуп хәажәкыра акы ашьыжьтәи адыррақәа рыла ҳәа
аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа 38 реис ааныркылеит, аҳәаанырцәтәи аҳаиреилахәырақәа — 31. Аиҳарак иааныркылаз (75% инареиҳаны) Урыстәылантәи Еиду Арабтәи Аемиратқәа рахь, насгьы уахьынтәи аҳаирԥыррақәа роуп.
"Ианыркылаз ареисқәа рпассаџьырцәа асасааирҭақәа ирыҩнарҵеит, мамзаргьы рыҩныҟа идәықәырҵеит. 4000 инареиҳаны абилеҭқәа рыхә дырхынҳәит. Аконтакттә центрқәа апассаџьырцәа рзыҳәақәа аус рыдырулоит", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Атранспорт аминистрреи Росавиациеи апассаџьырцәа рзинқәа рыхьчара иадҳәалоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Асабша Америкеи Израильи Иран иаҿагыланы мҽхакы ҭбаалатәи арратә операциа мҩаԥыргеит. Тель-Авив иазгәанаҭеит, ақәылара хықәкыс ишамоу Тегеран аиадертә бџьар аиура аԥырҟәҟәаара.
Тегеран аҭак ҟанаҵеит Израильтәи адгьылҵакыреи Мрагылара Ааигәа иҟоу Америкатәи абазақәеи рыжәларала. Аинформациатә хархәагақәа рҳәамҭақәа рыла, аракетақәа арратә хықәкқәа рымацара ракәымкәа, аԥсылман ҳәынҭқарра еиԥш егьырҭ атәыла арегионқәа рҿы иҟоу аграждантә инфраструктурақәагьы ирыжәырҵоит.