https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15830
Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабраҿы араӡны медал игеит
Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабраҿы араӡны медал игеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабра Tsaghkadzor Winter Cup 2 аҿы араӡны медал игеит ҳәа аанацҳауеит... 01.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-01T16:22+0300
2026-03-01T16:22+0300
2026-03-01T17:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/01/1061375353_0:30:602:369_1920x0_80_0_0_df48d6609ea6c37f038fec9a261c7a64.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабра Tsaghkadzor Winter Cup 2 аҿы араӡны медал игеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы. 12 шықәса зхыҵуа аспортсмен 15 шықәсанӡа рыбжьара аӡәаӡәалатәи акатегориаҿ дықәгылон.Нестор иаб Давид Цужба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аицлабра мҩаԥысуан аерманцәа рышьхатә курорт Цахадзо. Уи иалахәын Урыстәыла, Испаниа, Кипр, Бырзентәыла, Ермантәыла.Нестор Цужба сынтәа аԥхынразы имҩаԥысраны иҟоу аԥкьаҭмпыл азы Урыстәыла Аԥхьахә агаразы аҽазыҟаҵара далагахьеит. Уи аԥхьа Франциа, Кипр, Хорватиа имҩаԥысраны иҟоу аицлабрақәа иҽрылаирхәоит.Аспортсмен иаб иажәақәа рыла, уажәы дара рхықәкы хаданы иҟоу 2027 шықәсазы Франциа имҩаԥысраны иҟоу Адунеи ачемпионат ахь анеиразы иахәҭоу абаллқәа риура ауп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/01/1061375353_0:0:602:452_1920x0_80_0_0_06119c8ddb61cef725ab4f6e67bbdcd9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабраҿы араӡны медал игеит
16:22 01.03.2026 (ирҿыцуп: 17:54 01.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 1 — Sputnik. Аԥсуа спортсмен Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы европатәи аицлабра Tsaghkadzor Winter Cup 2 аҿы араӡны медал игеит ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы.
12 шықәса зхыҵуа аспортсмен 15 шықәсанӡа рыбжьара аӡәаӡәалатәи акатегориаҿ дықәгылон.
Нестор иаб Давид Цужба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аицлабра мҩаԥысуан аерманцәа рышьхатә курорт Цахадзо. Уи иалахәын Урыстәыла, Испаниа, Кипр, Бырзентәыла, Ермантәыла.
"Нестор уажәы иаҵкыс еиҳабцәоу аспортсменцәа дрыцхәмаруеит. Аицлабра уадаҩын. Афинал ахь днеит, аха маҷк имчқәа изымхеит. Ус шакәугьы, Нестор ибзианы дыхәмарит, алҵшәа бзиақәагьы ааирԥшит", — ҳәа изгәеиҭеит иара.
Нестор Цужба сынтәа аԥхынразы имҩаԥысраны иҟоу аԥкьаҭмпыл азы Урыстәыла Аԥхьахә агаразы аҽазыҟаҵара далагахьеит. Уи аԥхьа Франциа, Кипр, Хорватиа имҩаԥысраны иҟоу аицлабрақәа иҽрылаирхәоит.
Аспортсмен иаб иажәақәа рыла, уажәы дара рхықәкы хаданы иҟоу 2027 шықәсазы Франциа имҩаԥысраны иҟоу Адунеи ачемпионат ахь анеиразы иахәҭоу абаллқәа риура ауп.